"Зенит" Академиа афилиал аадыртит Аԥсны

© Sputnik / Леон Адлейба Торжественное открытие филиалов Академии "Зенит"
Торжественное открытие филиалов Академии Зенит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Ахәыҷы-қәыԥштә академиа аҽазыҟаҵаратә еизгарақәа Аԥсны имҩаԥыслоит хәажәкыра 31 рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Ахәыҷы-қәыԥштә академиа Аԥсны аартра иазкыз агәырӷьаратә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны хәажәкыра 27 рзы.

Аслан Бжания принял делегацию российского ФК «Зенит» - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Аслан Бжьаниа ашьапылампылтә клуб "Зенит" анапхгара идикылеит

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аҿари аспорти рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз "Зенит" анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит афилиалқәа Аҟәеи Афон ҿыци иахьаадыртыз азы, иагьазгәеиҭеит ареспублика ашьапылампыласцәа қәыԥшцәа рзы ари шылшара бзиоу наҟ-наҟтәи рыҿиарамҩазы.

Ашьапылампылтә клуб "Зенит" ахада Александр Медведев иазгәеиҭеит афилиалқәа раартра абас гәырӷьаратә концертла афилармониаҿы амҩаԥгара баша ишыҟамлаз, избанзар ашьапылампыл ҟазара хкык аҳасабала иахәаԥшуеит.

"Ашьапылампыл аҿы иҟоуп аинтрига, адрама, аха иҟоуп аҟазара излеиԥшымгьы - ара ахаан иуздырӡом алҵшәа зеиԥшрахо. Иарбан хырхарҭазаалак аҟны абаҩхатәра улазар ҟалоит, аха аџьабаа ухы иадумбалар, ушьапылампыласыҩ духаӡом. Академиа аартуа, агәыӷра ду ааҳарԥшуеит шәара шәшьапылампыласцәа бзианы шәшыҟало, шәуаа бзиақәаны ишшәызҳауа", - иҳәеит иара, иагьациҵеит Санкт-Петербургнтәи ашьапылампыласцәа уажәшьҭарнахыс аԥсынтәи рколлегацәеи дареи рԥышәа шеимырдало.

Аԥсны Амилаҭтә олимпиатә еилакы ахада Валери Аршба имӡакәа иҳәеит иара питертәи "Зенит" бзиа ишибо, дазҿлымҳауижьҭеи акыр шықәса шҵуа, уи злахәу ахәмаррақәа ак бжьамыжькәа ртранслиациақәа дышрыхәаԥшуа.

Ампыл амба иҭаршә: Зенит ашьапылампыласыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
"Ампыл амба иҭаршә": "Зенит" ашьапылампыласыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго

Асценаҟны иқәгылеит Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбльқәа "Кавкази" "Абазеи". Ахыркәшамҭаз питертәи акоманда алахәылацәа Аԥсны афилиалқәа ршьапылампыласцәа ҳамҭас ирырҭеит "Зенит" алоготип зныз акьаҿқәа.

Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Ахәыҷы-қәыԥштә академиа аҽазыҟаҵаратә еизгарақәа Аԥсны имҩаԥыслоит хәажәкыра 31 рҟынӡа. Санкт-Петербургтәи ашьапылампылтә клуб агәы иҭоуп шықәсык ахь изныкымкәа аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0