РУСДРАМ аспектакль Шәачатәи аонлаин-фестиваль аҿы агран-при иаиааит

© Foto / Академический театр драмы им. В. Савина«Хаджи-Мурат» в Сыктывкаре
«Хаджи-Мурат» в Сыктывкаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр алахәын Шәача имҩаԥысуаз "Ангажемент" захьӡыз аонлаин-фестиваль.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Лев Толстои иповест иалхны Адгәыр Ақаҩба иқәиргылаз РУСДРАМ аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" Шәача имҩаԥысуаз аонлаин-фестиваль "Ангажемент" аҟны агран-при иаиааит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара асаит.

Спектакль Хаджи-Мурат  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2020
РУСДРАМ аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" дырбахоит урыстәылатәи аинформациатә ресурсқәа рҿы

Атеатр аонлаин-фестиваль иалахәын аҳҭнықалақь ахадара ацхыраара иабзоураны, иара убас Аҟәеи Шәачеи аҿартә, акультуратә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа рҿы ирыбжьоу аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

"Абасала, ҳара даҽазныкгьы иҳарҵабыргит ҳара ҳтеатр иамоу аҩаӡара адагьы, Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу акультуратә еимадарақәа рҵакгьы", - иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.

Ари аспектакль иахьатәи аамҭазы адунеи атеатрқәа рахьтә раԥхьаӡа иахьықәдыргылахьоу РУСДРАМ аҿоуп.

Иара иалахәын аповест автор иԥсадгьыл Иаснаиа полианаҿы имҩаԥысуаз афестиваль "Толстои", Саранск имҩаԥысуаз афестиваль "Соотечественники", иара убас иалкаан урыстәылатәи аофициалтә ресурсқәа рҟны, ателеканал "Культура" асаит аҿы, Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра апроект (Большие гастроли" аҿы иддырбаларц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0