Арепатриациаз уаанӡатәи аминистр иганахь ала аус алахәыла аҩнтәы рбаандаҩра иқәҵоуп

CC0 / / Судейский молоток и весы Фемиды
Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Арепатриациазы аилак уаанӡатәи ахантәаҩы Беслан Дбар, ЗҲәА "РемСтрой 2012" адиректор Амиран Лакербаиа, Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Денис Ақаҩба рганахь ала.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Арепатриациаз уаанӡатәи аминистр – Денис Ақаҩба иганахь ала аус алахәыла аҩнтәы рбаандаҩра иқәнаҵеит лаҵара 23 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Министр по репатриации Беслан Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Аԥсны арепатриациазы уаанӡатәи аминистр иганахьала ашьаус хацыркуп

Денис Ақаҩба хараны идырҵоит мцрыла атәым мазара аӷьычра имаҵзуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны.

Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла Дбар, амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит, гәыԥҩык ауаа - ЗҲәА "РемСтрой 2012" адиректор Амиран Лакербаиа, Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Денис Ақаҩба иареи - заанаҵ  еицәажәаны мҽхакы ҭбаала абиуџьеттә ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны мцҳәарала, ишԥаршеиз заанаҵ идырны ишьақәиргылеит амаҵзуратә документқәа, ирхатәыртәит 25 256 598 мааҭ.

Иазгәаҭоуп Беслан Дбари Амиран Лакербаиеи рганахь ала Апрокуратура хада аҟынтәи аӡбарҭахь зыҳәа шынашьҭым.

Зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа  ахара рхараҵам аӡбарҭаҿы рхара шьақәдырӷәӷәаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0