ЕгрыГЕС аусура ианалаго атәы еилкаахеит

© Sputnik Ингур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуеи усутә ныҟәарыла ЕгрыГЕС иҟоуп.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. ЕгрыГЕС аусура хацыркхоит мшаԥы 30-лаҵара 1 ауха ҳәа иҳәеит ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган данлацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, мшаԥы 1 азы миллионки 300 литреи ацементеиларҭәа нашьҭын миллион литрак ахьазԥхьагәаҭаз. Аусурақәа аграфик 10 процентк иаԥыргоит.

"Агәра ганы исҳәар сылшоит: ЕгрыГЕС аусура хацыркхоит мшаԥы 30-лаҵара 1 ауха ҳәа", - иҳәеит Мебониа.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы, аремонт азура иалагеит амҽыша ашьыжь инаркны ажьырныҳәа 24 рзы.

Аԥхьанатә атоннель аремонт иалагараны иҟан 2021 шықәса жәабранмза агәазы. Ихыркәшахар акәын лаҵарамзазы.

Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Мебониа еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС аремонт шымҩаԥысуа

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.

ЕгрыГЕС анапхгара аремонт ашьҭахь аӡцара 40-50% рҟынӡа аанкылахоит ҳәа иахәаԥшуеит, уи шықәсык ахь 100 миллион киловатт-сааҭ артәоит.

Аусурақәа ирықәхарџьхоит 45 миллион евро. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк (EBRD).

ЕгрыГЕС заҵәык Ауп Аԥсны аҵакыра зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Иара ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Астанциа ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0