Аслан Бжьаниа Владимир Познер ареспубликахь дааиԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа урыстәылатәи ажурналист Аԥсны даҭаарц ааԥхьара ирҭахьан Аԥсны атуризм аминистри Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажурналист Владимир Познер имшира идныҳәало Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа Познер Қарҭ ишизныҟәаз агәыԥжәара инаҭеит.

"Аԥсны ауааԥсыра зегьы Қарҭ шәыҟазаараан аҭыԥ змаз аҭагылазаашьа агәалсра рызцәырнагеит. Кавказ ажәларқәа шәышықәсалатәи рысасдкыларатә қьабз аилагара агәыхь ада аҽакы арҵысуам. Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, Аԥсны шәара еснагь гәахәара дула ишәзыԥшуп. Ишәзыманшәалоу аамҭазы шәаарц Аԥсныҟа шәаасыԥхьоит", - ҳәа иҩуеит ахада ажурналист иахь.

Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер, мшаԥы 1 азы 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц иҩызцәа иманы днеит.

Поездка в село Псху  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Владимир Познер Қарҭтәи ахҭыс ашьҭахь Аԥсныҟа даарыԥхьеит

Ахашаҽны ақалақь аҿы амитинг аҿы еизаз Познер Қырҭтәыла акзаара азхеиҵом, ара дыҟамзароуп ҳәа иқәгылеит. Хаҭала иазааҭгылан Познер Аԥсны ахаангьы Қырҭтәыла иатәхом ҳәа иҟаиҵахьаз аҳәамҭа.

Познери иҩызцәеи ахьаангылаз аотель ахыбра аҿагылаҩцәа акәшеит, асасцәа руаххьа еиԥырҟьеит, аџьазы Аинспекциахь адырра ҟарҵеит Познери исасцәеи "акоменданттә сааҭ" иқәымныҟәеит ҳәа, уи азы ахара аотель иахарарҵеит. Аотельгьы ахараԥса ақәҵахеит.

Аԥшьаша еилкаахеит Владимир Познер Қырҭтәыла шаанижьыз. Ажурналисти иҩызцәеи аҳаиртә баӷәазахь аполициаа имҩаԥыргеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0