Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Никәала Чқәан

© Sputnik / Томас ТхайцукНиколай Чкуан
Николай Чкуан - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Анапаҵаҩра
Никәала Чқәан- еицырдыруа атеатртә усзуҩ, Самсон Ҷанба ихь зху аԥсуа драматә театр арежиссиор, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аконферансие.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. 91 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Никәала Чқәан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.

Ԥхынҷкәынмза 2020 шықәсазы Никәала Чқәан Акультуреи аҟазареи рыҿиараҟны илагаламҭа ду азы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.

Аԥсны акультура аминистр Гудиса Агрба зыдунеи зыԥсахыз Никәала Чқәан иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Никәала Чқәан 1965 шықәсазы далгеит Луначарски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт, СССР Жәлар рартист, апрофессор Андреи Гончаров иҵаҩы иоуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Шәачатәи ателестудиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа рҟны арежиссиорс аус иуан. Асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама" аҟны актиорс, режиссиорс дыҟан. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә театр аҟны иқәиргылеит аспектакльқәа "Абзамыҟә" Назым Хикмет иҩымҭала, "Агага" Шварц иҩымҭала.

Никәала Чқәан актиор иаҳасабала атеатр аҟны инаигӡеит арольқәа Есыф, ("Асас еиқәаҵәақәа" Гь.Гәылиа , 1956 шықәсазы), Сгәанарель ("Иҭахы- иҭахым ахәшәтәҩы" Молиер, 1956 шықәсазы), Хабжькәыт ("Аиааира", В.Агрба, 1961 шықәсазы), Бессонов ("Данаҟаи" М. Лакрба, 1956 шықәсазы).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0