Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРечной порт в городе Чебоксары.
Речной порт в городе Чебоксары. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Анапы зҵаҩу адокумент инақәыршәаны ақалақьқәа рнапхгарақәа ацхыраалоит еицырзыфеидоу аимадарақәа рырҿиара еиуеиԥшым аусуратә усхкқәа рҟны.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. 

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Чебоксары ахада Олег Кортунови.

"Аиқәшаҳаҭра иаҳнаҭоит алшара рацәа абизнес аусхк аҟны аусеицураз, аимадара ҿыцқәа раԥҵаразы. Ҳара ҳалацәажәеит иарбан усхкқәоу еиҳа ҳусеицура алҵшәа ахьаанарԥшуа ҳәа иаабо - аҵара, акультура уҳәа реиԥш. Иара убасгьы ҳақалақьуаа уажәшьҭарнахыс ԥсшьара ҳәа ицалоит акыр ирцәыхароу рашьцәа рахь", - иҳәеит Олег Кортунов.

Иара иҳәеит хара имгакәа Чебоксартәи аделегациа Аҟәаҟа ишнеиуа.

Аҟәа ахада Беслан Ешба Аԥсны ахада иҟынтәи асалам рыҭо иазгәеиҭеит, иазыԥхьагәарҭо апланқәа хра змоу аусеицура шалдыршо.

© Foto / Администрация города Сухум Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит
Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит

"Агәра згоит ҳгәы иҭаку апланқәа аусеицура еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны хра аманы ишыҟарҵо. Иазгәасымҭар ауам шәнаплакқәа акыр сышдыршанхаз", - иҳәеит Беслан Ешба.

Адокумент инақәыршәаны:

  • Аганқәа, ақалақьқәа Чебоксари Аҟәеи рҟны Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рзакәанԥҵарақәа инарықәыршәаны аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала иҭаҩу анхамҩатә субиектқәа рыбжьара иԥиоу аимадарақәа рышьақәыргылара иацхраалоит.
  • Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рзакәанԥҵарақәа инарықәыршәаны Аганқәа ацхыраара ҟарҵалоит аинвистициақәа радыԥхьаларазы, амуниципалтә еиҿкаарақәа рыҩбагьы рекономикахь аԥаралагаларазы, аинвистициатә проектқәа реицымҩаԥгаразы (иҟалоит аԥыжәаратәқәа хазы ралкра ҩ-ганктәи аусеицуразы).
  • Аганқәа адгылара арҭоит ақалақьқәа Чебоксари Аҟәеи рҟны арҵаратә усура мҩаԥызго аиҿкаарақәа рыбжьара аинырра ашьақәыргылареи арҿиареи еснагьтәи аимадарақәа рымҩала.
  • Аганқәа ацхыраалоит акультуратә еимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи.
  • Аганқәа ацхыраалоит ақалақьқәа Чебоксари Аҟәеи рҟны ахәыҷы-қәыԥштә, аҿартә массатә уснагӡатәқәа реиҿкаара.
  • Аганқәа адгылоит атуризм аусхк аҟны аимадарақәа рыҿиара.
  • Аганқәа аусеицура мҩаԥыргалоит агәабзиарахьчара, аԥсшьара аиҿкаара русхк аҟны.

Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ақалақь ахадара аделегациа Чувашиатәи ареспубликахь инеиит мшаԥы 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0