Хҩык Аԥсны атәылауаа закәаншьаҭада Егры аӡиас ианыруаз иҭахеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа иахьа Жәыргьыҭ араион аҿы ирбеит.

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Хҩык Аԥсны атәылауаа аҳәаа закәаншьаҭада рахысраан, Егры аӡиас ианыруаз иҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура.

Аӡы арра арҭ атәылауаа рҽазыршәеит мшаԥы 6 рзы Гал араион Таглан ақыҭа иахьаҵанакуаз. Аӡы амч ӷәӷәахеит, дара рыхҩык ҵнаԥааит, уи иахҟьаны аӡы иагеит. Мшаԥы 7 рзы иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Жәыргьыҭ араион аҿы ирбеит.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0