Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аберԥҳәыс деиқәдырхеит

© Foto / МЧС Абхазии Спасение монахини
Спасение монахини  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Анапаҵаҩра
Аберԥҳәыс уаҩы дидымҳәыло лхала Аԥсны ақырсиан-ҭыԥқәа реиҳа иԥшьоу ҳәа иԥхьаӡо Каман ахахьы ашьхараҿы дынхон.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа мшаԥы 7 рзы Аҟәаҟа дааргит амедицинатә цхыраара зҭахны иҟалаз аберԥҳәыс ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аԥҳәыс асакасала ашьхарантә дылбааргеит аԥхьа Камантәи аберҭыԥ аҟынӡа. Нас, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа атранспорт ҷыдала Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит.

Аԥсны ақырсиан-ҭыԥқәа реиҳа иԥшьоу ҳәа иԥхьаӡо Каман Аҟәа инахыкны 15 километра ахьыбжьоу ишьҭоуп. Арахь ахатә транспорт алеиԥш аекскурсиатә транспортқәа рылагьы ихалоит. Ари аҭыԥ 2 000 шықәса инареиҳаны аӡбахә еицырдыруеит. Хынтәԥшьара амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 308 шықәсазы ара идунеи иԥсахит анышәгьы дамардеит аԥшьа-гәаҟыҩ Василиск. Абри аҭыԥ аҿоуп дахьыԥсыз Иоанн Ахьҿы. Аидҳәалара ҷыда рымоуп Камани Иоанн Аӡӡаахҩи.

Ажәабжьқәа зегьы
0