Аԥсны аҵыхәтәантәи ажәамш рыҩныҵҟа COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иазҳаит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб алахәылацәеи Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делбеи реилацәажәара мҩаԥысит мшаԥы 8 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи ажәамш рыҩныҵҟа ареспубликаҿы COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иазҳаит, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аилацәажәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

"Амедусзуҩцәа рдыррақәа рыла авирус аҟазшьа аҽеиҭанакуеит, аклиникатә симптоматика аҽарӷәӷәоит, еиҳа издаапкылаз ачымазцәа рхыԥхьаӡара ҳаракхеит", - иҳәоит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аиԥылара иалахәын асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.

Ирылацәажәан акоронавирус азы азыԥхьагәаҭақәа, аԥкырақәа рҭышәныртәалара азҵаарақәа, атәылауаа амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаашьа, ауааԥсыра COVID-19 аҟынтә алаҵа рзыҟаҵара агәабзиарахьчара асистема азыхиара.

Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа ражәахәынҵақәа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб азыӡырыҩрраны иҟоуп иааиуа аилатәараҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0