Sputnik амчыбжь: алашара арцәара, COVID-19 зыдбалоу рыцлара, аҳәааҿы ауаа рҭахара

© Sputnik / Томас ТхайцукСухум ПС-2
Сухум ПС-2 - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит мшаԥы 5-11 рыҩнуҵҟа иҟалаз реиҳа ихадоу ахҭысқәа реизга.

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿы имаҷмызт азхьаԥшра зуҭаша ахҭысқәа – Аԥсны атәылауаа Егры рырсраан рҭахара, алашараиуразы аԥкрақәа, акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара ацлара, ахада Аслан Бжьаниа имшира азгәаҭара.

Sputnik

Лашара зызкамԥхо аҭагылазаашьа

Аԥсны алашара аҟамзаара апроблема аҭыԥ ақәҵара алымшеит. Ииасыз амчыбжь азы "Амшынеиқәафымцамч" аҳәамҭа ҟанаҵеит аԥкрақәа шаланагало азы. Уи мзызс иазыҟоуп авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшьи" "Кавкасионии" рҟны аҭыԥ змаз авариа.

Энергетические объекты   - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Афымцамчхара адефицит иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәалоит

""Кавкасиони" ацәаҳәаҿы авариа ҟалеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа ргәаанагарала, 300 километра рҟынӡа ацәаҳәа гәаҭатәуп, Аԥсны аҵакырагьы убрахь иналаҵаны. Авариа ҟалеит асааҭ 02:10 рзы. Иара убасгьы "Гьачрыԥшь" ацәаҳәаҿгьы урыстәылатәи аган аҿы апроблема ыҟоуп", - рҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы Sputnik аинтервиу аҭо.

Убри иахҟьаны ареспублика аенергосистемаҿ 100 мегаваттк адефицит ҟалеит.

"Адефицит ахарҭәааразы Аԥсны афымцалашара аԥкра аграфик аларгалеит: есхԥа-хԥа сааҭ сааҭк-сааҭк ҳәа идырцәалоит. Апроблема аҭыԥ иқәҵахаанӡа ус иҟалоит", - рҳәеит анаплак аҿы.

Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" ааха аиуит Қырҭтәыла иахьаҵанакуа Чубертәи ахыҵырҭаҿы ҳәа аанацҳаит иара убри амш азы "Амшынеиқәафымцамч".

МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Аԥсны ААР Егры иҟалаз арыцҳара азы Қарҭ аҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит

Асыԥсалеира иахҟьаны ацәаҳәақәа аҵла рықәҳаны иԥҵәеит. Қырҭтәылатәи авариатә маҵзурақәа аремонт иалагеит, хара имгакәангьы аҭыԥ иқәырҵеит.

Мшаԥы 7 рзы авольтҳарак цәаҳәа "Гьачрыԥшь" авариа аҭыԥ иқәҵан, иарала афымца дәықәҵан. "Аԥсны алашара аԥкра шыҟац иаанхоит мшаԥы 7 асааҭ 22.00 рҟынӡа", - ҳәа азгәаҭан аԥхьанатә.

Ус шакәугьы, афымцамчхара ҩ-миллионк мегаватт-сааҭ адефицит иахҟьаны Аԥсны афымцалашара есхԥа-хԥа сааҭ сааҭк-сааҭк ишдырцәац идырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" мшаԥы 8 рзы.

Аҳәааҿы аԥсҭбарақәа

Ԥшьҩык Аԥсны атәылауаа Егры аӡиас ирны аҳәаа закәаншьаҭада ианахысуаз аӡы иагеит.

Аӡы арра арҭ атәылауаа рҽазыршәеит мшаԥы 6 рзы Гал араион Ҭаӷьлан ақыҭа иахьаҵанакуаз. Аӡы амч ӷәӷәахеит, дара рыԥшьҩык аӡыблара иамҽханакын, аӡы иагеит. Мшаԥы 7 рзы иҭахаз хҩык рыԥсыбаҩқәа Жәыргьыҭ араион аԥшаҳәаҿы ирбеит.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Хҩык Аԥсны атәылауаа закәаншьаҭада Егры аӡиас ианыруаз иҭахеит

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы.

Егры аӡиас ианыруаз иҭахаз аԥшьбатәи Аԥсны атәылауаҩ иԥсыбаҩ рыԥшааит Қырҭтәылатәи аиқәырхаҩцәа Қырҭтәыла аҵакыраҿы.

Мшаԥы 8 рзы Гал араион апрокуратура Тҟәарчал араион Ҵарча ақыҭан инхо Емзар Гвалиа иуацәа хабарда ишыӡыз азы арзаҳал наишьҭит.

Агәаҭарақәа инарықәыршәаны, мшаԥы 6 рзы Елгәыџьа Гвалиа (1974 шықәса рзы ииз), Маквала Гамсаниа (1981 шықәса рзы ииз), Ҭамуна Цатава (1991 шықәса рзы ииз), Ҭамаз Басланӡе (1959 шықәса рзы ииз) Гал араион Аԥсны АССР ииз, Тҟәарчал араион Ҵарча ақыҭан инхоз, заанаҵы еилацәажәаны Егры аӡиас ирны аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит ҳәа шьақәыргылоуп.

Иазгәаҭоуп дара зегьы Аԥсны аҵакырахь алалареи Аԥсны аҵакыраҟынтә алҵреи азин рызҭо адокументқәа шрымамыз, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз аформала ареспублика акомпетенттә усбарҭақәа рзин ада аҳәаахьчаратәии аҳазалхырҭатәии ҭыԥқәа ирхыкәшаны ишымҩасуаз, "Аҳәынҭқарратә ҳәаазы" Аԥсны азакәани "Аҳәаанырцәуаа, ИАР атәылақәа ртәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа Аԥсныҟа ралаларазы" Аԥҟара шеиларгаз.

Атәылауаа закәаншьаҭада Аԥсны, Гал араион аҟынтәи Егры аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит Қырҭтәыла, Жәыргьыҭ араион Шамгона ақыҭахь рхы рханы. Егры аӡиас абри аамҭазы ихышхыҵәаны илеиуан. Аӡы аӷьыра риааины иӡааҟәрылеит.

Ԥхьаҟатәи апроцессуалтә усқәа рзы аматериалқәа Аԥсны АШәМ ахь инашьҭуп.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Егры иҟалаз арыцҳара азы Қарҭ иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит:

"Иҟалар алшоит ҳәа иҳамаз агәаанагара инақәыршәаны Қарҭ ари арыцҳара ацәажәара алырхит, аполитикатә бжьахәаахәҭраны иазнеит. Аофициалтә мчрақәа реиԥш аполитикатә оппонентцәагьы иҭахаз рызхәыцреи ррыцҳашьареи акәымкәа, излацәажәоз имцышьаҭоу апатриотизмра акәын", - азгәарҭеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит иҟалаз арыцҳара аполитизациа азура шаҭахым, аполитикатә дивидендқәа рылхрагьы шиашам. Иҟалаз арыцҳара Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа иҭырҵаауеит.

Аминистрра аҳәаа иаԥну араионқәа руааԥсыра ргәы рҽаннаҵоит аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьаҭыԥу ахысырҭақәа рҿы мацара шакәу иахьахыслаша. Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ирыдашшылеит.

COVID-19 зыдбалоу рхыԥхьаӡара иацлеит

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб алахәылацәеи Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Делбеи реилацәажәара мҩаԥысит мшаԥы 8 рзы. Аҵыхәтәантәи ажәамш рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иазҳаит иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аилацәажәараҿы.

Беслан Эшба: инфекционная больница переполнена  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2021
Аҟәа ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа ҭәуп ҳәа

"Амедусзуҩцәа рдыррақәа рыла авирус аҟазшьа аҽеиҭанакуеит, аклиникатә симптоматика аҽарӷәӷәоит, еиҳа издаапкылаз ачымазцәа рхыԥхьаӡара ҳаракхеит", - иҳәоит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Ирылацәажәан акоронавирус азы азԥхьагәаҭарақәа, аԥкрақәа рҭышәныртәалара азҵаарақәа, атәылауаа амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаашьа, ауааԥсыра COVID-19 аҟынтә алаҵа рзыҟаҵаразы агәабзиарахьчара асистема азырхиара.

Sputnik аинтервиу аҭо, асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аҳәамҭа ҟалҵеит алаҵа Аԥсныҟа лассы иааргоит ҳәа.

Аԥсны алаҵа "Спутник V" Урыстәылантә аагаразы аилацәажәарақәа мҩаԥнагоит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Авакцина аагара азнеишьа ҷыдақәа аҭахуп. Иара знызаҵәык ауп аҵаалхра аныҟало – ауаҩԥсы ианилоуҵо. 18-20 градус ахьшәашәараҿы ишьҭазароуп. Атранспорт ҷыдеи иара амҩангашьа атәы здыруа афирмақәеи ԥшаатәуп", - лҳәеит лара.

Уажәы атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапхгарала алаҵа аагаразы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит, аԥхьа иааргараны иҟоуп 30 000 доза.

"Мчыбжьык аамҭа ҳцәахылеит. Амшқәа аныбзиаха ауаа еиныруа, еиԥыло иалагеит. Ачымазарагьы ахы шьҭнахит", - лҳәеит лара.

Людмила Скорик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Скорик: алабораториа COVID-19 – тестқәа рыла еиқәшәоуп

Скорик лажәақәа рыла, алаҵаҟаҵара ашьҭахь ауааԥсыра рыбжьара акоронавирус алаҵәара акыр еиҵахоит.

"70-80 процент алаҵа ҟарҵар, егьырҭ, алаҵа ззыҟаҵара амуа еиқәҳархар ҳалшоит. Асабрадақәагь Китаи ишыҟарҵаз еиԥш иаҳҿаҳхыр ҟалоит. Алаҵаҟаҵара заҵәык ауп акурорттә сезон ҭынчны ахгара, иахьаҳҭаху ҳцо-ҳаауа ҳҟазҵо", - лҳәеит лара.

Убри аан акарантинтә уснагӡатәқәа еиҭахацыркуп. Бамборатәи абжьаратә школ ахәҭакахьала иадыркит мшаԥы 5 рзы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ачымазара ахьрыдырбалаз азы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Светлана Аирԥҳа.

"Хҩык арҵаҩцәа чмазцәахеит. Руаӡәк лмоҭацәа ара аҵара рҵоит. Ачымазара рыламҵәарц азы 5 - 11 аклассқәа ауҳажьт. Аиҵбыратә классқәа ныҟәоит. Абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит асанитартә маҵзуреи, Аҵара аминистрреи, араион ахадареи реиқәшаҳаҭрала", - лҳәеит лара.

Зынӡа Бамборатәи ашкол иҭоуп 650 ҵаҩы. Аҩныҟа иоушьҭу аҵаҩцәа дистанциала рҵараҵара иацырҵоит. Аинтернет ахьыҟам ақыҭақәа рҟынтәи 60-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аҭел ала аҩныҟатәи адҵақәа рзынарышьҭуеит.

Араион аҿы иааидкыланы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп.

Мшаԥы 14 рҟынӡа Очамчыратәи ашкол-интернат акоронавирус иахырҟьаны иадыркит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра азеиԥши апрофессионалтәи ҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, асеиԥш аӡбра рыдкылан арҵаҩцәа ҩыџьеи ааӡаҩцәа хҩыки акоронавирус анрыдырбала ашьҭахь. Уи адагьы ичмазаҩхеит ахәбатәи акласс аҵаҩыки ажәбатәи акласс аҵаҩцәа ҩыџьеи.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб мшаԥы 9 азтәи аилатәараҿы абжьгара ҟанаҵеит аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵазарц.

Вакцинация от коронавируса военнослужащих Краснодарского гарнизона - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Аԥсны азыԥшуп Урыстәыла COVID-19 аҟынтә алаҵа аашьҭразы аӡбра

Аԥсны азыԥшуп Урыстәыла аӡбра COVID-19 аҟынтә алаҵа аашьҭра аҿҳәарақәеи ахышәа-ҵышәеи рганахь ала иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара аҿы ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Иара иажәақәа рыла, уажәы аилацәажәарақәа цоит "Спутник-V" Аԥсныҟа аагаразы.

Нанба иазгәеиҭеит аԥхьатәи апартиа ахышәаҵышәа урыстәылатәи аган ишьақәнаргылоит ҳәа.

Урыстәыла алаҵа еиҳа ирацәаны аҭыжьра ианалаго Аԥсныҟагьы еиҳа еиҳаны аашьҭразы алшара ҟалоит ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Аслан Бжьаниа имшира

Аԥсны ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа мшаԥы 6 рзы 58-тәи имшира азгәеиҭеит. Абри амш аҽны иара жәпакы адныҳәаларатә шәҟәқәа изаашьҭын.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Атәыла ахада Sputnik аблала: Аслан Бжьаниа 58 шықәса ихыҵит

Аԥсны ахәбатәи ахада Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6 1963 шықәса рзы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Аҵара иҵон Фрунзетәи аполитехникатә институт аҿы. 1982 шықәса рзы Московатәи автомобил-мҩатә институт ахь диасуеит, далгоит 1985 шықәса рзы.

1991 ш.– СССР КГБ иреиҳаӡоу акурсқәа дрылгоит.

1991 -1992 шш. – Аԥсны КГБ аҟны аус иуеит.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзураҿы аус иуеит.

2009 – 2010 шш. рзы – Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿ аекономикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩыс дыҟан.

Президент РФ В. Путин провел совещание по вопросам наращивания производства вакцин и вакцинации населения РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Владимир Путин Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит

2010 – 2014 шш. – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы.

2014 шықәса рзы атәыла ахада иалхрақәа иҽрылаирхәит.

2015 ш. рзы асоциал-економикатәи аполитикатә ҭҵаарақәа Рфонд "АПРА" напхгаҩыс дҟалеит.

2017 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа – Аԥсны Жәлар реизара адепутат.

2020 шықәсазы аҿагыларатә акциақәа ирыхҟьаны усҟантәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцеит. 2020 шықәса хәажәкыразы аиҭалхрақәа раан Аслан Бжьаниа атәыла ахадас далырхит.

Адунеи аҿы зегь реиҳа аамҭа зқәырӡыз ахәмаррақәа рахьтә иахԥатәихаз

Аԥснытәи аспортсменка Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы аамҭала еиҳа идуу рахьтә иахԥатәихаз ахәмарра мҩаԥылгеит ҳәа аанацҳауеит Евроспорт.

"Амина Аншԥҳа, 335-тәи аҭыԥ WTA ареитинг аҿы измоу, аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы аамҭала еиҳа идуу рахьтә иахԥатәихаз ахәмарра мҩаԥылгеит. ITF W25 актәи аикәшараҿы, Кордоба", - аҩуеит аресурс.

Амина Аншба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит

Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа длындаҭлон бразилиатәи аспортсменка Лаура Пигосси. Ахәмарра 4 сааҭки 56 минуҭи имҩаԥысуан. Аԥснытәи аспортсменка аиааира лгеит 7:5, 3:6, 7:5 ҳәа.

Ажурналист Хосе Моргадо иазгәеиҭоит уаанӡа Амина Аншԥҳа адунеитә ҭоурых аҿы аабатәи алҵшәа шаалырԥшыз 2019 шықәсазы Пьенце имҩаԥысуаз ақәгылараангьы. Усҟан лара 4 сааҭки 30 минуҭи рыла урыстәылатәи аԥқьаҭасыҩ Анастасиа Комардина дылиааит.

Ахәмарратә рекорд мҩаԥган 1984 шықәса рзы Ричмондгьы. Усҟан ахәмаррақәа мҩаԥысит 6 сааҭки 31 минуҭи. Еиндаҭлон ЕАА аспортсменкацәа.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы раԥхьатәи аԥсуа спортсменка лакәхеит ақәыԥшцәа рыбжьара атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду) ирылахәхаз. Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аԥсуа ԥкьаҭасҩы Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә ассоциациа (ITF) атурнир аҟны аиааира лгеит. Уи лкариераҟны ахәбатәи иааира дууп.

Амина уажәы адуцәа рыбжьара WTA жәларбжьаратә ареитинг ала адунеитә таблицаҿ 335-тәи аҭыԥ аанылкылоит.

Ашьапылампылтә сезон ҿыц

"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада аиуразы реиндаҭлара мҩаԥысраны иҟоуп астадион "Динамо" аҿы.

Матч за Суперкубок Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит

"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада аиуразы реицыхәмарра мҩаԥысуеит мшаԥы 10 рзы иҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагба Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.

Ахәмарра алахәылацәа алыркааит абасала: "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы 27-тәи ачемпионат аҿы иреиӷьу команданы иршьеит, "Гагра" атәыла Ахраҿа аиуит.

"Ашьапылампыл бзиа избо зегьы срыдныҳәалоит ашьапылампылтә сезон иахьалаго азы. Ахраҿа хада аиуразы ахәмарра мҩаԥгахоит астадион "Динамо" аҿы, мшаԥы 10 асааҭ 15:00 рзы. Ахәмарра аӡбаҩцәа Шәачатәи рыбригадоуп", - иҳәеит Ҳагба.

"Гагра" акоманда акапитан Асҭамыр Ҵышәба иҳәеит асезон раԥхьатәи ахәмарраҿы аиааира зго еиҳа иазыҟаҵоу роуп ҳәа.

""Нарҭ" акоманда аадыруеижьҭеи акыр ҵуеит, икоманда бзиоуп, еиҿкаауп. Уаиааирц азы акыр аҽазышәара аҭахуп", - иҳәеит "Гагра" акапитан.

"Нарҭ" азыҟаҵаҩ хада Ернест Капышев иазгәеиҭеит акоманда иааиуа асезон аҽшазыҟанаҵо хәажәкыра 2 раахыс, ф-гәаҭара хәмаррак шымҩаԥнагахьо.

"Акоманда ахәмаррақәа ирзыхиоуп, иазыхиоуп Аԥсны ачемпионат алагарагьы. Асезон аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-хәмаррак урыстәылатәи ашьапылампыласыҩцәеи ԥшь-хәмаррак аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәеи ирыцымҩаԥаагахьеит", - иҳәеит иара.

Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат мшаԥы 20 рзы иалагоит, иҳәеит Аԥсны Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагба Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.

"Ачемпионат мшаԥы 20 инаркны абҵарамзанӡа имҩаԥыслоит. Рашәарамза актәи ахәҭаҟынӡа актәи аикәшара хҳаркәшоит, цәыббрамза инаркны аԥсшьара ашьҭахь аҩбатәи аикәшара ҳалагоит, нас – ахԥатәи", - иҳәеит иара.

Изаамҭанытәиу ачемпионат иалахәхоит акомандақәа ааба: "Саӡ" – Цандрыԥшь, "Гагра" – Гагра, "Афон" – Афон ҿыц, "Риҵа" – Гәдоуҭа, "Динамо" – Аҟәа, "Нарҭ" –Аҟәа, "Самырзаҟан" – Гал, "Шахтиор" – Тҟәарчал.

"Акоманда "Шахтиор" акраамҭа ачемпионат иалахәымызт. Сынтәа акоманда анапхгара, аспортеилакы аиҳабыра, ақалақь ахадара напеилаԥсала ирылшоз зегь ҟарҵеит акоманда ачемпионат иалахәхарц. Аҭыԥантәи ашьапылампыласыҩцәа маҷуп азы аҳәара ҟарҵеит егьырҭ арегионқәа рҟынтәи ашьапылампыласцәа ари акомандаз ихәмарырц", - иҳәеит иара.

Ҭарашь Ҳагба иара убасгьы далацәажәеит ареспубликатә чемпионат аҟны аӡбаразы аусқәа шеиҿкаау.

"Аӡбаразы апроблемақәа ахьҳамоу азы Урыстәыла ашьапылампылтә еидгылахь ацхыраара ҳаҳәеит. Аӡбаҩцәа рыбригадақәа ааҳгалоит", - иҳәеит Афедерациа ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит урыстәылатәи аӡбаҩцәа аиҳабыратә лигаҿ адагьы ахәыҷы-қәыԥштә лигаҿгьы аӡбарақәа шымҩаԥыргало.

Игор Адлеиба индаҭло деилкаахеит

Игор Адлеиба "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны диндаҭлараны дыҟоуп Александр Абрамиан – Украина ҳәа адырра ҟалеит.

Игор Адлеиба мшаԥы 17 азы Екатеринбург имҩаԥысуа "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны аилахәыра "RCC Boxing Promotions" ахьӡала аринг аҿы дицықәгылараны дыҟан Владикавказтәи аспортсмен Георги Челохсаев. Аха Челохсаев инапы ԥҵәеит, ақәгылара далахәымхеит.

Игорь Адлейба во время боя - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Игор Адлеиба "Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз" аҟны индаҭло далкаауп

Александр Абрамиан украинатәи ақалақь Днипро датәуп, апрофессионалтә ринг аҿы фы-қәгыларак рҟынтәи хәынтә даиааихьеит. Ҩба рҿы аиааира игеит нокаутла.

Игор Адлеиба - WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи ачемпион, Аԥсны изныкымкуа ачемпион, Урыстәылатәи Афедерациаҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа риааиҩ, кикбоксинг (фул контакт) азы адунеи Ахраҿа занашьоу, Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат. Адлеиба апрофессионалтә ринг аҿы зныкгьы даҵамхакәа 11 қәгылара мҩаԥигахьеит, ԥшьба рҿы нокаутла даиааиит.

Аберԥҳәыс леиқәырхара

Мшаԥы 7 рзы ашьхараҿы зхала инхоз, уаҩы иҿымцаауаз аберԥҳәыс Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааргеит.

Аԥшьа Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ аигумен Игнати (Киут) аберԥҳәыс леиқәырхашьа атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит.

Спасение отшельницы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аберԥҳәыс леиқәырхара иахьӡеит

"Аԥҳәыс Анцәа димҵаныҳәарц ҩымчыбжьҟа раԥхьа ҳара ҳахь дааит. Ачгара аамҭазы ашьхаҟа дхалеит, ачеи аӡи рымацара рыла аҭынчраҿы аамҭа лхылгарц. Мшаԥы 6 рзы аҭел даҳзасит, илҳәеит аӡы шынҵәаз, лыхгьы бзиамкәа ишылбо. Лцәажәашьагьы хьанҭан", - иҳәеит аб Игнати.

Аберԥҳәыс дахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы аӡы ыҟаӡам, иҟалап иҟьашьыз қәаӡык лжәызар, иҳәоит иара.

Лара лҭыԥ ахь иахыкәшаны инеир акәхеит, избанзар аӡхыҵра иахҟьаны ацҳа узықәсуа иҟамызт. Лыԥсеиқәырхаҩцәа аннеи, лара даара дуашәшәыран.

"Сара иаразнакы сыуа ҷкәынак аҭел сизасит, иара дҳақьымуп. Лҭагылазаашьала ахәшәқәа лҭахуп иҳәан, иахәҭаз еиқәиԥхьаӡеит. Ахәшәқәа лызнаагеит, ларгьы маҷк деиӷьхеит", - иҳәеит иара.

АҶА аусзуҩцәа мшаԥы 7 рзы ацхыраара ласы амашьынала уахь ихалеит. Урҭгьы аберԥҳәыс дахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа машьынала изымнеит, сакасала дылбааргеит.

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы. Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

Выборы в органы местного самоуправления 2021 подсчет голосов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Аҟәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь ԥшьыџьара алхрақәа шьақәымгылаӡеит

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 08:00 рзы, ихыркәшан асааҭ 20:00. Алхрақәа мҩаԥысит ҭынчрала, еилагарада.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Гал араион аҿы 859-ҩык абжьы азҭоз рҟынтәи 506-ҩык абжьыҭара инеит. Ауаа рааишьа иартәеит 58%. Абжьыҭара инеиз рхыԥхьаӡара маҷуп Аҟәа. Ара алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҿы иазхаша ауаа ахьымнеиз азы алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ишьоуп.

Алхырҭатә ҭыԥ хадак аҿы адепутат далхымзар, алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа иазгәаҭахоит. Алхратә комиссиа мчыбжьык аҩнуҵҟа аиҭалхрақәа рыланаҳәоит. Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥгазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0