Аԥсны афымцарцәара аграфик ԥсахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛЭП Яштуха
ЛЭП Яштуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Урыстәылантәи алашара аиуеи 2020 шықәса ԥхынҷкәынаахыс, ЕгрыГЕС аремонт азы иааныркылаанӡа.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Иахьазы Аԥсны аҵакыраҿы иалагалоу алашара арцәара аграфик ԥсахуп абзазаратә обиектқәа еиҳа иҭышәынтәаланы русуразы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Аԥкыратә схема шыҟаз иаанхоит: сааҭк ҽынла, ҩ-сааҭк – уахынла идырцәалоит.

  • Астанциа маҷқәа: Аҟәа-2, Афон, Мҵара, Дәрыԥшь, Гәдоуҭа-ахара Т-2, Гал-110, Гал-35, Барӷьаԥ, Отобаиа, Тҟәарчал ГРЕС, Аҟәа-220 - 01:00 - 03:00; 13:00 - 14:00;
  • Астанциа маҷқәа: Очамчыра-ахара, Очамчыра-2, Мықә, Кәачара, Уарча, Дранда, Агәыӡера, Синоп, Баслаҭ, Ҵабал, Гәдоуҭа-ахара Т-1, Гәдоуҭа-110, Лыхны, Мысра-ахара, Мысра - 03:00 - 05:00; 14:00 - 15:00;
  • Астанциа маҷқәа: Аҟәа-1, ИЕПит, Пицунда, Алаҳаӡы, Бзыԥ-220, Чегал, Переброска, Рухски Карьер - 05:00 - 07:00; 15:00 - 16:00;
  • Астанциа маҷқәа: Гагра-1, Гагра-2, Гагра-3, Цандрыԥшь-ахара, Гьиачрыԥшь - 03:00 - 05:00; 15:00 - 16:00.

Мшаԥы 8рзы урыстәылатәи аган Аԥсныҟа иаауа алашарамчра алимит ҳәаақәнаҵеит 7 миллион киловатт-сааҭ ҳәа. Убри аан ареспублика иаҭахны иҟоуп 9,6 миллион киловатт-сааҭ ҳәа азгәарҭоит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0