Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСъезд партии "Амцахара"
Съезд партии Амцахара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа апартиа "Амцахара" ахантәаҩыс дыҟан Алхас Кәыҵниа, 2020 шықәса раахыс ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟоу.

АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Афырхаҵа Лесик Цыгәба аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩыс далырхит мшаԥы 14 рзы имҩаԥысуаз аизара ду аҟны.

Аиԥылара аартуа "Амцахара" аполитхеидкыла алахәыла Оҭар Ломиа иҳәеит, амшхәаԥштә азҵаараҿы ишықәгылоу апартиа ахантәаҩи ихаҭыԥуаа ҩыџьа ралхреи. Акоронавирустә пандемиа иахҟьаны аизара ду иалахәыз рхыԥхьаӡара ԥкын.

Ажәа зырҭаз Алхас Кәыҵниа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит "Амцахара" ашьаҭаҿы ишгылаз еицырдыруа ауаа: Сергеи Дбар, Владимир Начач, Мераб Кьышьмариа уҳәа егьырҭгьы аԥсны аиааира злагала ду алоу.

"Сара ахаангьы аҽа партиак салалараны сыҟам, маҵзура ҭыԥк ааныскылоу иаанысымкылоу иаҿмырԥшкәа. Зегь ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп еицымҩаԥаагоз аусуразы", - иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Аизара ду аделегатцәа Лесик Цыгәба апартиа "Амцахара" ахантәаҩыс икандидатура адгылара арҭеит. Иара ихаҭыԥуаас иалхуп –Мизан Зыхәбеи Коба Гогохиеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
Апартиа Амцахара ахантәаҩ ҿыц далхуп - Sputnik Аҧсны
1/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАпартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
Апартиа Амцахара ахантәаҩ ҿыц далхуп - Sputnik Аҧсны
2/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАпартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
Апартиа Амцахара ахантәаҩ ҿыц далхуп - Sputnik Аҧсны
3/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАпартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
Апартиа Амцахара ахантәаҩ ҿыц далхуп - Sputnik Аҧсны
4/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
1/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
2/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
3/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп
4/4
Апартиа "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц далхуп

"Ҳпартиа иалахәуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны зҟазара ҳараку ауаа. Агәахәара унаҭоит аҿар апартиа иахьалало. Ари иунарбоит аиҿкаара аԥеиԥш шамоу", - иҳәеит "Амцахара" ахантәаҩ ҿыц.

Лесик Цыгәба - 1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа, "Амцахара" ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку, акыршықәса аиҿкаара Гәдоуҭа араион аҿы анапхгаҩы, апартиа апрезидиум алахәыла.

1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реидгыла "Амцахара" аԥҵан 1999 шықәса хәажәкырамзазы. Ари аибашьра аветеранцәа еидызкыло аиҿкаара аԥҵара иаԥшьгаҩцәан Аԥсны Афырхацәа аинрал-леитенант Сергеи Дбар, Владимир Начач, Ака (Салыбеи) Арӡынба, Гарри Саманба.

2002 шықәсазы Аидгыла ауаажәларра-политикатә еиҿкаара "Амцахара" ҳәа еиҭакын.

2013 шықәса рашәара 27 рзы "Амцахара" аизара ду аҿы ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара аполитикатә партиа ҳәа еиҭеиҿкаан. Аизара ду аҿы апартиа ацхантәаҩцәас иалхын Гарри Саманбеи Оҭар Ломиеи.

2015 шықәса жьҭаара 21 азы апартиа "Амцахара" VI аизара ду аҿы аделегатцәа еицҿакрыла апартиа ахантәаҩыс далырхит аибашьра аветеран Алхас Кәыҵниа. 2020 шықәсазы атәыла ахада иалхра ашьҭахь Алхас Кәыҵниа ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0