Аԥсуа аррамаҵзурауаа злахәыз аицлабра "Саянский марш" рылҵшәақәа еилкаахеит

© Foto / Аляс ВаначаСтали известны результаты соревнований "Саянский марш" в Красноярском крае
Стали известны результаты соревнований Саянский марш в Красноярском крае   - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Анапаҵаҩра
"Саянский марш" актәи аицлабра мҩаԥысуан мшаԥы 14 - 17 рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы, аҽазыҟаҵарҭа "Ергаки" аҟны.

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа аицлабра "Саянский марш" аҟны аԥхьахә ҭыԥқәа иаԥсамхеит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аԥсуа ар аподполковник Алиас Уанаҿа.

Подготовка военнослужащих Минобороны Абхазии к «Саянскому маршу» - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа "Саянский марш" афиниш аҟынӡа инеит

"Аицлабра аштаб аҟны аихшьаалақәа ҟарҵеит. Ҳгәы иалоуп аԥхьахә ҭыԥқәа ҳзымгеит. Хқоманда ргәалаҟазаара бжьысит, аҽазыҟаҵарақәа ҳзымхеит. Ус акәзаргьы аԥышәа ҳауит, ҭакԥхықәрала ҳазнеит аицлабра", - иҳәеит Уанаҿа.

Уанаҿа иазгәеиҭеит ркоманда ааԥхьара шрырҭаз Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысуа ашьханыҟәаҩцәа реизарахь.

Аицлабра "Саянский марш" аҟны актәи аҭыԥ аныркалеит Урыстәыла, аҩбатәи-Китаи, ахԥатәи- Усбекистан. Аицлабрақәа ахыркәшаразы уи алахәылацәа иранаршьеит амедалқәеи аҳамҭақәеи, иара убас имҩаԥган аконцерти аибашьыгатә техника рцәыргақәҵеи.

Аԥсуа аррамаҵзурауаа Аԥсныҟа ихынҳәуеит мшаԥымза 18 рзы.

Аицлабрақәа ҩ-етапкны имҩаԥган, аруаа еиуеиԥшым аԥынгылақәа ирхысыр акәын. Аԥынгылақәа змоу азеиԥш маршрут 50 километра ыҟан. Аицлабра актәи амш азы 25 километра иахысит,  ашьхаҿҟьара ашәҩақәа рыла илбааит, аԥшыхәра амҩаԥыргеит, ашахақәа рыла аҿҟьарақәа илбааит. Уахынла абнараҿы ақьала ргыланы иԥхьеит.

АрМИ-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп 15 тәыла рҿы 34 конкурса еицлабра рымҩаԥгара. Аицлабра иалахәуп Урыстәыла акомандақәа фба, Аԥсны, Китаи, Аахыҵ Уаԥстәыла, Таџьикистан, Киргизиа, Узбекистан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0