Аслан Бжьаниа Башар Асад Шьамтәыла Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башара Аль-Асад ртәыла Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Мшаԥы 17 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иазгәарҭоит рҳәынҭқарратә ныҳәақәа ирхадоу - Ахьыԥшымра амш.

Бжьаниа иҳәеит ари аамҭа иалагӡаны Шьамтәыла жәлар ауадаҩрақәа рацәаны ишырхыргаз, аха ԥсыцқьала рсуверинетет шьырыхьчоз.

"Абиԥарақәа иаадырԥшоз агәымшәара иаҿырԥшны, шәыжәлар иахьагьы рыԥсадгьыл аҿы ҭынч ԥсҭазаара аиқәырхара иаҿуп. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәҳаргылеижьҭеи уамак шымҵогьы ҳажәларқәа аиҩызара есымшагьы ирыбжьан", - аҳәоит адныҳәалара атекст аҟны. 

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи аиҩызара бзиа шрыбжьоу, пату шеиқәырҵо, рыгәра шеибаго.

Иара убасгьы иҳәеит аҭҵаарадырреи, атуризми, акультуреи, аспорти русхкқәа рҟны русеицура аҩганк ирзыфеидоуп ҳәа.

Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Аԥсны ААР Шьамтәыла Ареспублика Ахьыԥшымра амш рыдырныҳәалеит

Аслан Бжьаниа Шьамтәыла ахада изеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәеи ақәҿиарақәеи.

Мшаԥы 17, 1946 шықәсазы Шьамтәыла аҵакырадгьыл франциатәи архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын. Ареспубликаҿы ари амш азгәарҭоит- Ахьыԥшымра иамшны.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы. 

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 6 рзы.

Жьҭаара 6, 2020 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы рминистр, Шьамтәыла аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Уалид Аль Муаллеми аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит адипломатиатәии амаҵзуратәии паспортқәа змоу рзы авиза аԥыхразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0