Аԥсны ААР ахҳәаа анаҭеит Меркель Аԥсны аганахь ала лыгәҭынчымра

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаммит ЕС в Брюсселе
Саммит ЕС в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Анапаҵаҩра
Германиа аканцлер Ангела Меркель ПАСЕ асессиа алахәылацәа рахь лвидеоҳәамҭаҿ агәҭынчымра аалырԥшит Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым уҳәа Аԥсны назлоу егьырҭ адунеи арегионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит Германиа аканцлер Меркель Аԥсны аганахь ала лыгәҭынчымра ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

В порт Одессы вошли военные корабли НАТО - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Аԥсны атәылахьчара аминистрра НАТО Амшын еиқәаҿ аҟазаара ахҳәаа анаҭеит

Германиа аканцлер Ангела Меркель аҩаша, ПАСЕ асессиа алахәылацәа рахь лвидеоҳәамҭаҿ агәҭынчымра аалырԥшит ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла, Шьамтәыла, Аԥсны уҳәа егьырҭ адунеи арегионқәа рҿы иҟоуп ҳәа илшьо аҭагылазаашьазы.

"Европа анҭыҵтәи аҳәаақәа урыхәаԥшуазар иубарҭоуп иахьа адунеи зегь аҿы аҭынчра, ашәарҭадара, аизҳазыӷьара иахәҭаны ирыԥхьаӡоны ишыҟам. Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла, Шьамтәыла, Аԥсны, Ашьха Ҟарабах, Ливиа уҳәа рҿы аҭагылазаашьа агәҭынчымра аанарԥшуеит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы иаҳбарҭаны иҟоуп ауаҩытәыҩса изинқәа, акьыԥхь азинқәа ақәыӷәӷәара шрымоу", - лҳәеит Ангела Меркель.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы асеиԥш аҳәамҭа "ФРГ аканцлер адунеитә жандарым ироль нагӡо Украинеи Белоруссиеи реиԥш Мрагылара Ааигәеи Алада Кавкази рҟынгьы аиҿкаара лара ишылҭаху ишьақәгыларц" азы ауп изыҟаҵо ҳәа ахнаҳәааит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәра ганы иҟоуп Германиа аканцлер лҳәамҭаҿ "ишәарҭоу аҭагылазаашьа" даналацәажәо усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа амзыз даҩсуеит ҳәа.

"Меркель Киев Донбасс аганахь иҟанаҵо апровокациақәа лымбоушәа ҟалҵоит. Германиа аканцлер ҽмырба ҟалҵоит ЕААи НАТОи Амшын еиқәаҿы активла рыҟазаара", - аҳәоит апресс-маҵзура аҳәамҭа.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазгәарҭоит "Берлини егьырҭ европатәи аҳҭнықалақьқәеи Украина Мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу аибарххара аԥыхразы ауснагӡатәқәа рыдыркылар шахәҭоу".

Ажәабжьқәа зегьы
0