Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аԥырҟәҟәаан

© Foto / пресс-служба Южного таможенного управления Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
Асигареҭ аконтрабанда аԥырҟәҟәааразы аоперативтә усурақәа еицымҩаԥыргеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәеи Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәеи.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Аидарамҩангага машьынаҿ иҵәахыз 28 000 пачка асигареҭ аконтрабанда еиԥдырҟьеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2020
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахыргоз аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

Аидарамҩангага машьына, 42 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы агәаҭаразы иаанкылан. Амашьына арныҟәцаҩ иҳәеит Урыстәылаҟа дышцо афатә аалыҵ атауар аагаразы. Аха атранспорт хархәага агәаҭараан амобилтә инспекциа-гәаҭагатә комплекс иаанарԥшит амашьына иаҟазшьам аҭыԥ ҭацәқәа рыҟазаара.

Ишьақәыргылан амашьына акузов аметалл иалху апластинақәа рыла иҭаӡахны ишыҟаз. Урҭ анамырх аҳазалхыҩцәа иаадырԥшит аҭыԥ маӡақәа - Business Class, "Тройка", Burn уҳәа асигареҭ маркақәа ахьыҵәахыз. Атауар абжа аԥснытәи акцизтә маркақәа рыман.

Аконтрабандатә аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ амҩангараз апроцессуалтә уснагӡатәқәа хацыркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0