Sputnik амчыбжь: ахада Москва иҟазаара, Ҟрыми Аԥсни русеицура, COVID-19 аҭагылазаашьа

© Sputnik / Томас ТхайцукПодписание соглашений между Абхазией и Республикой Крым
Подписание соглашений между Абхазией и Республикой Крым - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит мшаԥы 19 - 25 рыҩныҵҟа иналукааша ахҭысқәа.

Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа усутә визитла ицара, Аԥсны Ҟрым ахаҭарнакцәа рыдыркылеит, уаанӡатәи арепатриациа аминистр  ишьҭазаара рыларҳәеит, иусура дамырхит уаанӡатәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ. Еиҳа инарҭбааны Sputnik адаҟьаҿы.

Sputnik

Ахада Москва иҟазаара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигеит.

Аслан Бжания с рабочим визитом в России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгара рҟны аилацәажәара мҩаԥигеит

Мшаԥы 21 азы Аслан Бжьаниеи акционертә еилазаара "Росгосстрах" адиректор хада Геннади Гальперины аусбарҭа анапхгара реиҳабы Олег Меркулови аиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылараан Бжьаниеи "Росгосстрах" аусбарҭа анапхгаҩи Аԥсны аус ацура азҵаара иалацәажәеит.

Бжьаниеи Урыстәыла ахада иусқәа напхгара рзызуа Александр Колпакови актәи ихаҭыԥуаҩ Павел Фрадкови Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылара далахәын Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Александр Нерадькои реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараҟны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан.

Ҷыдала иазааҭгылан аҳаирбаӷәаза аинфраструктура аобиектқәа рреконструкциаз апроекттә усурақәа рызҵаара.

Иахьазы иаԥҵоуп Урыстәылеи Аԥсни рҟазауаа злахәу аусутә гәыԥ, аобиект аздырхиоит апроекттә усурақәа рымҩаԥгара, иаздырхиоит аусуразы ихымԥадатәиу амыругақәа рексперттә хәшьара. Уи адагьы азырхиара иаҿуп Аԥсны аҳаиртә закәанԥҵара аусхк аҟны ихымԥадатәиу адокументқәа.

Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аграждантә авиациа аусхк аҟны еицыфеидоу аусеицура арӷәӷәареи арҿиареи шырҭаху.

Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Бжьаниа: Аԥсны аҳәаа ахысра аԥҟарақәа аруадаҩуам

Уаанӡа Аԥсны ахада аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса иахымгакәа ишаартхо азы.

Мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадеи Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Поповеи еиԥылеит. Бжьаниеи Поповеи акоронавирустә инфекциа Аԥсни Урыстәылеи аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Аиԥылара хыркәшо, Анна Попова атуристичестә сезон аартра далацәажәеит.

Уаанӡа ТАСС аинтервиу аҭо, Бжьаниа иҳәеит Аԥсны 2021 шықәсазы атуристцәа раара ишазыԥшу.

Акоронавирус акәша-мыкәша

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14289-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13390-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 221-ҩык.

Вакцинация от коронавируса в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Бжьаниа: Аԥсны урыстәылатәи алаҵа иазыԥшуп

Мшаԥы 22 рзы COVID-19 иахырҟьаны Мгәыӡырхәатәи ашкол аамҭала иадыркит. Фҩык ахәыҷқәеи ԥшьҩык арҵаҩцәеи акоронавирус рыдбалан. Акоронавирус рыдбалан гәдоуҭатәи ашколқәа №1, №4 рҟны ҩ-класск. Арҭ аклассқәа рҵаҩцәа ахыԥхьакрахь ишьҭуп.

Мшаԥы 24 рзы Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба COVID-19 иманы москватәи ахәышәтәырҭақәа руак дҭашәеит. Ахба ихы цәгьамкәа ибоит, иԥсҭазаара акгьы аԥырхагам, иара ахәышәтәырҭа дҭарҵеит иҭагылазаашьа меицәахаразы.

Мшаԥы 23 рзы ТАСС аинтервиу аҭо Аслан Бжьаниа иҳәеит авирус аԥзырҟәҟәаауа алаҵа ишазыԥшу.

"Урыстәыла аиҳабыра рахь алаҵазы аҳәара ҟаҳҵахьан. Ҳақәдыргәыӷит аамҭақәак рышьҭахь алаҵа ареспубликахь ишынашьҭхо", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа иҳәеит алаҵа амҩангара азҵаара шыӡбоу. Аԥхьанатә алаҵа рзыҟаҵахоит еиҳа ишәарҭоу агәыԥқәа: аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, атуризм аусхк аҟны аус зуа.

Аԥсни Ҟрыми

Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа рхеилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы реицкомиссиа ахԥатәи аилатәара аихшьалақәа рыла ирыдыркылеит 2022-2024 шықәсқәа рызтәи ауснагӡатәқәа Рпрограмма.

Подписание соглашений между Абхазией и Республикой Крым - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Аԥсни Ҟрыми аусеицуразы хышықәсатәи апрограмма рнапы аҵарҩит

Ҟрыми Аԥсни русеицураҿы иазԥхьагәаҭоуп аекономикатә, асоциалтә, аҵаратә, акультуратә, аспорттә уҳәа ахырхарҭақәа.

"Агәра згоит арҭ зегьы ауаа рзы ишхәарҭахо. Ҳусурагьы анырра бзиа шыҟанаҵо. Аинтерес ду аҵаны избоит ҳԥышәа аимдара асанатор-курорттә, ақыҭанхамҩатә усхкқәа рҟны", - ҳәа иҳәоит Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Ашьаустәи административтәи усеилыргарақәа

Абри амчыбжь азы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырган авидео, уа иубоит Аԥсны ААР аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа шеиларго. Ари амаҵзуратә ҭҵаара азымҩаԥгахеит.

Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Аԥсны ААР аусзуҩцәа асоциалтә ҳақәа рҿы ицәыргаз авидео иахырҟьаны лахь рырҭеит

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, амҩатә ԥҟаррақәа еилазгаз, лахь рырҭеит.
Ареспублика Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәеи арреиҿкааратә ҟәшақәеи русзуҩцәа, ачыни астатуси змоу, административтә зинеилагара мҩаԥызгаз, административтә ԥҟаԥҵәа инақәыршәаны иахьырхәтәуп ҳәа.

Инапынҵатә мчрақәа дахьырхыҳәҳәаз азы мшаԥы 23 рзы ахара ихараҵан Аԥсны ААР адкылара-еихшарҭа ҷыда аиҳабы Мурҭаз Габниа. Еилкаахеит иара хәажәкыра 26 рзы аӡбарҭатә қәҵарада акамераҟынтә ихы дшақәиҭитәыз15 мшы ҳәа иҭакыз игәыла Милор Кәаӷәаниа.

Мшаԥы 23 рзы Апрокуратура хада азыҳәала, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба имаҵура дамхуп.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Иара убри амш азы Аԥсны арепатриациазы уаанӡатәи аминистр Беслан Дбар иԥшаара рылаҳәоуп ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Аԥсны арепатриациазы уаанӡатәи аминистр Беслан Дбар иԥшаара рылаҳәоуп

Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа иара убасгьы ирыланаҳәоит ИАЕ ИАЕ "РемСтрой2012" адиректор Амиран Лакербаиагьы иԥшаара рылаҳәоуп ҳәа.

Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, Дбар амаҵзуратә ԥаршеитә усмҩаԥгатәқәа ҟаиҵеит, гәыԥҩык ауаа - ЗҲәА "РемСтрой 2012" адиректор Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Денис Ақаҩбеи иареи - заанаҵ еицәажәаны мҽхакы ҭбаала абиуџьеттә ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны мцҳәарала, ишԥаршеиз заанаҵ идырны ишьақәиргылеит амаҵзуратә документқәа.

Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит хәажәкыра 23 рзы. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Арепатриациаз уаанӡатәи аусзуҩ Денис Ақаҩба иганахьала аҩнтәы рбаандаҩра иқәнаҵеит лаҵара 23 рҟынӡа.

Мшаԥы 20 рзы Апрокуратура хада абиуџьеттә ԥарақәа нихит ҳәа агәаанагара ззыҟоу АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба аа-шықәсеи фымзи аҭакра иқәҵазарц азыҳәа ҟанаҵеит.

Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Апрокуратура хада Борис Ачба аа-шықәса иқәҵазарц азыҳәа ҟанаҵеит

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит, адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны, 2017 шықәса жәабран 27 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала инаишьҭыз ашәҟәаҿы иарбаз адыррақәа ԥаршеин.

Ииз рхыԥхьаӡара иацлеит

307-ҩык ахәыҷқәа иит 2021 шықәса актәи аԥшьбаразы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, ииз рахьынтәи 157-ҩык ӡӷабцәоуп, 151-ҩык ҷкәынцәоуп. Аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. 

200 хәыҷы аԥсуа милаҭ иатәуп, 18-ҩык - урысқәоуп, 35-ҩык - ерманцәоуп, 41-ҩык - қырҭцәоуп, 14 – ҩык егьырҭ амилаҭқәа иреиуоуп.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла 2020 шықәса актәи аԥшьабаразы ареспубликаҿ иит 282 хәыҷы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0