Афестиваль "Абиблиоҵхы" аԥшьынтә раан Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБиблионочь прошла в национальной библиотеки
Библионочь прошла в национальной библиотеки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Анапаҵаҩра
Акциа "Абиблиоҵхы. Ашәҟәқәа рыла аеҵәақәа рахь" азырхоуп ауааԥсыра ашәҟәы радԥхьалара. Раԥхьаӡа акәны уи еиҿкаан 2017 шықәса лаҵарамзазы.

АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik, Селма Базԥҳа. Афестиваль "Абиблиоҵхы" мҩаԥысуеит мшаԥы 28 асааҭ 12.00 рзы Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абиблиотека адиректор Борис Ҷолариа.

Асасцәа ирылшоит авикторина "Ашәҟәи абиблиотекеи рзы" рхы аладырхәыр, ацәыргақәҵа "Ашәҟәытә галактикала алитературатә ныҟәара" иаҭаар. Имҩаԥысраны иҟоуп аҿар рыхәылԥаз "Сгәаҿы иҿыхоит апоезиа". Арт-студиа "Мухус" асахьақәа рцәыргақәҵа "Акосмос ҭысхуеит" еиҿнакаауеит. Афестиваль алахәылацәа иддырбоит акинофильмқәа "Аԥхьатәиқәа раамҭеи" Михаил Лакрба иҩымҭақәа рыла иҭыху  "Быжь-новеллаки". Апрограмма иалахәуп абалеттә студиа "Золушка". Акциа "Абиблиоҵхы" хыркәшахоит мшаԥы 29 асааҭ 12:00 рзы.

Акциа алахәылацәа иара убасгьы иԥылар рылшоит ААУ адоцент Расим Камлиа.

"Апроект "Абиблиоҵхы" жәларбжьаратә проектуп. Иара мҩаԥыргоит атәылақәа жәпакы рҿы. Акциа агеографиа шыҭбааугьы зеиԥш темак алыркаауеит. Сынтәа иара Иури Гагарин акосмос ахь иԥырра 60-шықәса ахыҵра иазкуп. Иахьатәи аамҭазы атехнологиа ҿыцқәа ҿиоит, аха аԥхьара ахәыҷқәа хымԥада рылааӡара ахәҭаны иҟоуп. Апроект акосмос иазкуп. Уи Аԥсынгьы аҵанакуеит. Ауаҩԥсы иаԥхьа акосмос ахь ишьҭыз амаамынқәа ахьҭырҵаауаз Аԥсноуп" ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Расим Камлиа.

Фестиваль Библионочь проводится второй год подряд в Национальной библиотеке Абхазии имени Ивана Папаскир - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2018
Афестиваль "Абиблиоҵхы" Аҟәа имҩаԥган

Амилаҭтә библиотека адиректор иазгәеиҭеит ауснагӡатә амҩаԥгараан асоциалтә дистанциа ишықәныҟәо.

"Акоронавирустә пандемиа есышықәсатәи афестиваль амҩаԥгара иаԥырхагамхеит. И. Г. Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы "Абиблиоҵхы" апрограмма аԥшь-еихагылак рҿы имҩаԥысуеит. Шәарҭара ыҟам ", - иҳәоит иара.

"Абиблиоҵхы" - социал-культуратә акциоуп, ашәҟәыԥхьара иазкуп. Аԥсны есышықәса имҩаԥысуеит. Раԥхьаӡа акәны 2017 шықәса лаҵарамзазы, жәпаҩык ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи аднаԥхьалеит. Акциа мҩаԥгамызт 2020 шықәсазы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0