Аенергетикеи аинвестициеи: Кристина Озган Москва аиԥыларақәа мҩаԥылгеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКристина Озган
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган мшаԥы 27 рзы Москваҟа усутә визитла дцеит.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назарови реиԥылара мҩаԥысит мшаԥы 28 рзы. Абри атәы Instagram аҿы илыҩуеит Озган.

Аиԥылараан ирылацәажәан аусбарҭабжьаратә еинырра азҵаарақәа Аинвестициатә программа анагӡара аганахьала, ирылацәажәан аенергетика, азакәанқәа ргармонизациа, Аԥсны аинвестициатә закәанԥҵара аус адулара.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳауатә еимадара аиҭарҿыцраз иԥылан аинвестор. Аиԥылараан ирылацәажәан амҩатә хсаалеи аҳаиртә баӷәаза аинфраструктура ареконструкциа амастер-плани.

ТАСС аинтервиу аҭо, Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵахьан аҳаиртә баӷәаза аусура аиҭаларгаразы 4,5 миллиард шақәхарџьтәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0