Гәдоуҭатәи аковид-центр ачымазцәа рыла иҭәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14743-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13660-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik. COVID-19 змоу ачымазцәа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа еиҳахоит, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ҭәуп ҳәа лҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу азҭаз аҳақьым-реаниматолог Мадина Дасаниаԥҳа.

"Ахәышәтәырҭа ҭәуп. Ауаа рыдкылараҵәҟьа ҳалшом. Ада ԥсыхәа змам ареанимациатә каруаҭқәа ракәымкәа иаабац ацәарҭаӷәқәа рыдаагалар акәхоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Ҵахнакьиа: аепидҭагылазаашьа еицәахар, аҳәаа ахысра аԥҟарақәа рӷәӷәахар ауеит

Уажәы ахәышәтәырҭа аҿкратә ҟәшаҿы аҳақьымцәа разымхара иахҟьаны апациентцәа рыдыркылом ҳәа лҳәеит аҳақьым.

"Аҿкчымазаратә ҟәша аартра ауеит, аха аҳақьымцәа азхом. Уа иҟазароуп амедиаҳәшьа, аҳақьым, асанитарка, аҷаԥшьаҩ ҳақьым", - ҳәа лҳәоит Дасаниаԥҳа.

Аперсонал разымхаразы амедусзуҩцәа урҭ русгьы анынарыгӡо ыҟоуп.

"Асанитарцәа ыҟоуп, аха имаҷуп. Палатацыԥхьаӡа медиаҳәшьаки санитаркаки рыдҳәалазароуп. Ахәшәқәа рганахь уадаҩра ыҟам. Иҳамоуп. Алаҵаҟаҵара иадгылоуи иаҿагылоуи ыҟоуп. Сара иазысыԥхьаӡоит алаҵа хымԥада иҟаҵатәуп ҳәа", - лҳәеит лара.

Аҳақьым-реаниматолог ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит Аиааира 76 шықәса ахыҵразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан рхы рыхьчаларц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 43-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 21-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0