Аԥснытәи амедицинатә усзуҩцәа алаҵаҟаҵаразы атренинг иахысуеит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в ТЦ "Кунцево Плаза"
Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагоит аныҳәамшқәа рышьҭахь.

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа апрофилактикатә лаҵа аҟаҵашьазы атренингқәа ирыхрыжьуеит. Атренингқәа мҩаԥнагоит ареспублика СЕС. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик амедусзуҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит аус ҭакԥхықәрала иазнеирц.

Первая партия вакцины Sputnik V в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
"Спутник V" актәи апартиа Аԥсныҟа иаагоуп

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Алаҵаҟаҵаратә компаниа иалагоит аныҳәамшқәа рышьҭахь. Ари алаҵа ҩынтә иҟаҵатәуп, 21 мшы бжьаҵаны.

Алаҵа ҟарҵоит изҭаху. Асиақәа аздырхиоит араионтә хәышәтәырҭақәа рполиклиникақәа рҿы. Ареспублика араионқәа зегьы рҿы иаартхоит алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа. Лиудмила Скорик лажәақәа рыла алаҵа ҟазҵо Аԥсны дшатәылауаҩу азы апаспорт имазароуп. Анаҩс апациент анкета хаирҭәаауеит, аҳақьым дгәеиҭоит.

"Алаҵа ажәҩаҿ иҟарҵоит, уа иалымшозар – ауаҭәаҿы. Алаҵа ашьҭахь апациент 30 минуҭ аҳақьым дихылаԥшуеит. Алаҵа актәи адоза ҟазҵаз хымԥада аҩбатәи адозагьы иоуроуп" ҳәа лҳәоит Скорик.

Лара иазгәалҭеит алаҵа ҟазҵо ишырзеиҭаҳәатәу ачымазара аасҭа алаҵа злеиӷьу. Убри аан аӡәгьы идырцалом.

Атренинг аҿы иалацәажәан алаҵа араионқәа рахь анагара азҵаара. Иара -18 градус еиҵамкәа иахьыҟоу аҭыԥ амазароуп. "Спутник – V" знык иҵаауркызар, хымԥада ахархәара аҭатәуп. Аҩынтәтәи аҵааркра алшом.

Лиудмила Скорик амедусзуҩцәа ирзеиҭалҳәеит алаҵа аҟаҵара аныҟамло аҭагылазаашьақәа: аллергиа, ацәатәымра, ахәыҷы акриҿаҵараан, аинфекциатә чымазарақәа раан.

Асанитар ҳақьым хада агәҽанҵара ҟалҵеит алаҵа ашьҭахь аамҭақәак ашоура халар, агәыр аҭыԥ ҟаԥшьхар шалшо. Аха уи аҩбатәи адоза аҟаҵара ԥырхаганы иамам.

Ажәабжьқәа зегьы
0