Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых

© Sputnik / Сергей Мелконов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВОВ
ВОВ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Иҟамзар ҟалап аԥсуа ҭаацәарак Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду ахьааи агәырҩеи зкьымсыз, ашәы еиқәаҵәа зышәнамҵаз. Шаҟа гәараҭа рышә акызеи, шаҟа мши-ҵхи ан лҵеи иаара дазыԥшны дтәази?! Агәыӷра акәын еиқәзырхоз, уаҵәтәи ашара дзырбоз. Шьоукы ирлахьынҵахеит аԥеиԥш бзиа, аха шьоукы "абзиараз" мҳәаӡакәан, наӡаӡа атәым дгьыл аҿы анышә хьшәашәа иаднакылеит.

Наала Гәымҧҳа, Sputnik

Аишьцәа Даҭикәа, Кәынҵал, Виктор, Дикран Џьниаа рфырхаҵаратә мҩа цқьа инеиҵыхны, инарҭбааны еилкаашьа шамамызгьы, зегьы акоуп, ҧшьҩык аишьцәа гәымшәақәа ус баша рыхьыӡ мҩамсит. Дара рфырхаҵаратә ҭоурыхтә мҩа азҿлымҳауп урҭ ирхылҵыз рышьҭра иатәу, забацәа рабдуцәа рҭоурых гәыгәҭазмыжьуа, аилкаара иазҿлымҳау, рхылҵшьҭра иатәу аҿар. Аибашьцәа Џьниаа рмаҭацәа, урҭ ирхылҵыз ируаӡәку Саид Џьниеи Хамида Џьниаҧҳеи иаҳзеиҭарҳәеит дара еилыркааз, ираҳахьоу рабдуцәа знысыз аибашьратә мҩа.

© Foto / их архива семьи Джения Џьениа Даҭикәа Виктор Џьениа
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Џьениа Даҭикәа Виктор Џьениа

Аҷандара ақыҭан инхоз Џьениа Былгьеи Григолиа Шьахәснеи рҭаацәараҟны иит хәҩык аҧацәа: Кәыкәына, Даҭикәа (Давид), Кәынҵал, Виктор, Дикран. 1920 шықәсазы раб Былгьа иҧсҭазаара далҵуеит. Иашьцәа Османи Мҳанџьыри уи ашьҭахь рҭаацәа рыманы Лыхны ақыҭахь нхара ииасуеит, Былгьа иҭаацәа нарыдкыланы.

© Foto / их архива семьи Джения Џьениа Даҭикәа
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Џьениа Даҭикәа

Усҟан аамҭа цәгьан, ашкол аҭалара ус имариамызт, аха урҭ ирылшеит хәышықәсатәи аҵара аиура. Ашкол ианалга ашьҭахь, аишьцәа ирҭаххеит иҵегьы рҵара аизырҳара. Кәынҵал жәлар рыкәашара дызҿлымҳан, акәашара далан. Убраҟа ауп иҧшәмаҧҳәыс Ҷанҧҳа Зинеи иареи раҧхьаӡа иахьеибабаз. Виктор аррамаҵзура дахысуан Орловтәи арратә округ аҟны, алеитенант ичынгьы уаҟа даҧсахеит. Дикран арратә маҵзура амшынтә флот Одесса ақалақь аҟны дахысуан. Даҭикәа аӡахра азанааҭ бзиа ибон.

Абас Анцәа ишиҳәира иҟаз аҭаацәара аибашьра хлымӡаах ацәгәырҧа еилашыра даргьы амҽханакит:

© Foto / их архива семьи Джения Џьениа Виктор
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Џьениа Виктор

"Ҳара излаҳдыруала 1941 шықәсазы Виктор арра аҟнытә ҧсеиҭакра ҳәа Аҧсны дааны дыҟан, дгьежьны данцоз иашьа Даҭикәа диманы дцеит. Даҽа хымз рышьҭахь аибашьра иалагеит, аишьцәа рҩыџьагьы цеит еибашьра, уинахыс рҭаацәеи дареи уаҳа реимадара зышьақәымгылеит, ирыҧсҭазаашьаз аӡәгьы издыруамызт", - лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит Хамида Џьниаԥҳа.

1941 шықәсазы аибашьра ддәықәлеит рашьа Кәынҵал. Иҧа хәымз ракәын ихыҵуаз. Хышықәса Кәынҵал иҭаацәа дрымадан. Аҵыхәтәантәи ашәҟәы ааишьҭит нанҳәамза 1944 шықәсазы. Уи анахыс уаҳа ихабар ҟамлеит, хабарда дыбжьаӡит ҳәа ауп ишырдыруа. Аишьцәа реиҳабы Кәыкәына аҩны даанхеит,аҭаацәа ныҟәгатәын, иаб игәараҭа изаанмыжьит.

© Foto / их архива семьи Джения Џьениа Кәынҵал
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Џьениа Кәынҵал

Ԥшьҩык арԥырцәа ран Григолиа Шьахәсна лхьаа атәы аҳәара уадаҩуп. Уахгьы-ҽынгьы Анцәа диҳәон, лҧацәа-еибга еизҩыда иаарцаз. Аха ан рыцҳа, уи лыла иамбакәан лыԥсҭазаара далҵуеит 1944 шықәса, рашәарамзазы.

Ашықәсқәа цон, аха рхабар ҳәа акагьы ыҟамызт. Ԥшьҩык аишьцәа шҭак еицҭыҵыз хабарда ибжьаӡит, атәым жәҩан аҵаҟа ирыҧсырҭахеит.

© Foto / их архива семьи Джения Џьениа Дикран
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Џьениа Дикран

Саид Џьениа иажәақәа рыла, аинтернет ресурсқәа рхы иархәаны ирыԤшааит рабдуцәа рыхьыӡ зҳәоз анҵамҭақәа:

"Ирацәаны ҳаимдон, ҳҵаауан, еилаҳкаауан ҳабдуцәа рысҭазаашьа, рфырхаҵаратә мҩа. Шықәсқәак раҧхьа "Жәлар ргәалашәара" зыхьӡу аинтернет саит аҟны иаҳбеит аишьцәа ԥшьҩык реибашьратә шаҳаҭгатә шәҟәқәа. Уаҟа ус ианын: Џьениа Дикран Былга-иԥа, афбатәи ахысратә гәыԥ, арратә хьӡы- афлотҟаԥшь аруаҩ, Џьениа Даҭикәа арратә хьӡы -аршьаҟауаҩ, арратә хәҭа ажәеизатәи ахысратә гәыҧ Ленинградтәи афронт аҟны; Џьениа Кәынҵал арратә хьӡы-аршьаҟауаҩ; Џьениа Виктор арратә хьӡы -алеитенант,а рратә гәыҧ Орловтәи арратә округ", - иҳәеит Саид Џьниа.

Рыцҳарас иҟалаз, ҧшьҩык аишьцәа анышә иахьамадоу аӡәгьы издырӡом. Дикран (Дикәа) амшын аҟны дҭахеит ҳәа ауп ишырдыруа, аха уигьы шьақәырӷәӷәаӡам.

Иахьа аишьцәа- афырхацәа Џьниаа рышьҭра Анцәа ишиҳәара иҟоуп, рабдуцәа ирзааргаз аиааира,ахьыӡ -аҧша еиҷаҳаны, иҵегьы инарҭбаау аинформациа аиура рҽазыршәоит:

"Сашьа Саиди сареи лымкаала еиҳа ҳазҿлымҳауп ҳабдуцәа рфырхаҵаратә мҩа аилкаара. Макьана иаҳдыруа рацәамзаргьы, агәра ҳгоит иҵегьы инарҭбаау аинформациа аҧшаара шҳалшо", - лҳәоит Хамида.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 Аԥсны аҵеицәа, урҭ рахьтә 17 430-ҩык наӡаӡа аибашьра адәаҿы иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0