Акоронавирус злаз ҩыџьа ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14834-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13823-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 224-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 8 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 246-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 39-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы ариабжьарак рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациенткацәа. Лаҵарамза 9 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1938 шықәса рзы ииз апациентка, лаҵарамза 10 рзы - 1933 шықәса рзы ииз апациентка.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 54-ҩык, урҭ рахьтә 44-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 22-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0