Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Цахнакия
Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан 2017 шықәса рашәарамза аахыижьҭеи.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан 2017 шықәса рашәарамза аахыижьҭеи. Усҟан иара диԥсахит Андзор Гоов.

Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ашьадатә хирург Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс даҭан 2011 шықәса рзы, жәабранмза 2017 шықәса рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас даҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0