Аԥсны ААР: 2021 шықәса актәи аԥшьбараз амҩатә машәырла аԥсыҭбарақәа еиҵахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд ДПС на улице Леона
Рейд ДПС на улице Леона - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
2019-2020 шықәсқәа рзи 2021 шықәса аԥхьатәи аԥшьымз рзи амҩақәа рҟны ашәарҭадара аиҿкааразы азинхьчаратә усбарҭақәа русура алҵшәақәа ирызкыз Акоординациатә еилатәара мҩаԥысит лаҵара 13 рзы Аҟәа.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2021 шықәса аԥхьатәи аԥшьымз рзы ашәҟәы иҭагалоуп 47 амҩа-транспорт машәырқәа, иҭахеит жәҩык, аахақәа роуит 67-ҩык. Абри атәы акоординациатә еилатәараҿы иҳәеит ареспублика Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.

Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Аслан Бжьаниа Аԥсны ААР равтопарки рформамаҭәеи гәеиҭеит

2020 шықәса аԥхьатәи аԥшьымз рзы амҩатә машәыр ала иҭахеит 21-ҩык. Агрба иажәақәа рыла 2019 - 2020 шықәсқәа рзы ашәҟәы иҭагалан 395 мҩатә машәыр, иҭахеит 117 –ҩык, ахәрақәа роуит 614-ҩык.

2021 шықәсазы административтә ҭакԥхықәра иаҵадыркхьеит 27 нызқьҩык амашьынарныҟәцацәа, ари 17 209-ҩык рыла еиҳауп 2020 шықәса иара убри аамҭа арбагақәа раасҭа.

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы иҳәеит апрофилактикатә уснагӡатәқәа амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа иубартә ишеиӷьыртәыз.

"Аҳәынҭавтоинспекциа аусура иалҵшәаны 2021 шықәса аԥхьатәи аԥшьбара аамҭаз ареспублика амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәалоуп. 28% рыла еиҵахеит ашәҟәы иҭагалоу авариақәа, иҭахаз рхыԥхьаӡара 60% еиҵоуп, ааха зауыз – 32% ", - иҳәеит иара.

Агрба иажәақәа рыла авариақәа реиҵахара анырра анаҭеит аилагарақәа разгәаҭара автоматикатә система.

"Ауаажәларраҿы ацәажәарақәа цәырнагеит апатруль мҩаԥгара маӡа. Аха иара иалнаршеит амашәырқәа рхыԥхьаӡара аларҟәра. Х-мҩатә машәырк рҟынтәи акы аԥсыҭбара ацуп, ма аԥсҭазаараз ашәарҭара. Ари ауснагӡатә хымз рыҩныҵҟа ҩ-нызқьи бжаки еилагара аанарԥшит", - иҳәеит Агрба.

Камеры фиксации нарушений правил дорожного движения - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2021
Аԥсны ААР аусура иалагеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара азгәаҭаразы аҳәынҭпроект

Аԥсны апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иазгәеиҭеит амҩақәа рҿы арбагақәа реиӷьтәра апрофилактикатә уснагӡатәқәагьы ишрыдҳәало. Урҭ мҩаԥыргоит: "Ишәарҭам араион", "Имаӡоу апатруль", "Ишәарҭадоу ақалақь". Дара 2020 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ишьақәирӷәӷәеит.

Дамир Кәыҵниа иҳәеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра шырӷәӷәатәу. Иара иазгәеиҭеит иҟоу апрактика ишунарбо уаанӡа административтә закәанԥҵара иалагалаз ариашарақәа – арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы ахараԥса иреиҵаӡоу ҩ-џьахәк 200-нтәи ахышәаҵышәа аҟазаара аӡәгьы дшааннамкыло.

"Абри инадҳәаланы азакәанԥҵара аиҭакрақәа аҭахуп, еиҳа ирӷәӷәатәуп ахарадҵа амашьына аԥсҟы зку ижәны иҟазааразы", - иҳәеит иара.

Кәыҵниа иара убасгьы иазиԥхьаӡоит амашьына арццакразы, алашара ҟаԥшь анарку аанымгыларазы уҳәа реиԥш иҟоу аилагарақәа рзгьы ахьырхәра рӷәӷәатәуп ҳәа.

Акоординациатә еилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо Аԥсны апрокурор хада Адгур Агрба иҳәеит, амҩатә машәырқәа рыпроблема ареспубликаҿ иҟоижьҭеи акыр шыҵуа.

"Иазгәоумҭарц залшом 2021 шықәса аԥхьатәи аԥшьымз рзы адинамика ҵоура. Уи ҳәарада Аԥсны ААРи аҳәынҭавтоинспекциеи рнапхгарақәа ирыбзоуроуп. Уи азы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп", - иҳәеит иара.

Агрба иазгәеиҭеит Апрокуратура хада хылаԥшратә усбарҭак аҳасаб ала азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа аҟаҵара азин шамоу. Иҟоу азакәанԥҵара аиҭакрақәа аҭахызар аусбарҭа иамоу азин ахы ианархәар алшоит ҳәа иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0