Гагратәи аспортсменкацәа таитәи абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгара афинал ахь инеит

© Foto / Тимур ГергедаваФинал первенства России по тайскому боксу
Финал первенства России по тайскому боксу - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Анапаҵаҩра
Зықьҩык аспортсменцәа злахәу таитәи абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгара мҩаԥысуеит Москватәи аобласт аҿы лаҵара 11-18 рзы.

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи аспортсменкацәа қәыԥшқәа хҩык таитәи абокс азы Урыстәыла аԥхьахәгара афинал ахь инеит, ҭыԥҳак ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Таитәи абокс афедерациа ахада Ҭемыр Гьергьедаа.

Афинал ахь инеит Кристинеи Елинеи Беииаԥҳацәа, Валериа Дашьиан. Анастасиа Шьитова "аџьаз" даиааит.

"Аԥснынтәи арҭ аицлабрақәа рахь Гагра араион аспортсменцәа мацара роуп изцаз. Аҟәантәи 15-ҩык цоит ҳәа рҽазыҟаҵаны иҟан, аха афинансқәа рганахьала ауадаҩрақәа ахьыҟалаз азы изымцеит", - иҳәеит таитәи абокс азы атәыла азыҟаҵаҩ хада.

Гьергьедаа иара убас иазгәеиҭеит афинал ахь арҭ аӡӷабцәа ахьнеиз азы Европа Аԥхьахәгара алахәразы алшара шроуа. Афинал аҟны иаиааир, Адунеи Аԥхьахәгара иалахәхаразы азин роуеит. Урҭ аицлабрақәа мҩаԥысраны иахьыҟоу макьана еилкаам.

Иара иажәақәа рыла, арҭ аҭыԥҳацәа "Георги Аиааирагаҩ" захьӡу аисратә гәыԥ иааӡамҭацәоуп. Урҭ азыҟарҵоит Андреи Дашьиан, Владимир Каленџьан, Нико Саков.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0