Sputnik амчыбжь: алаҵаҟаҵара, Владислав Арӡынба имшира, атурфорумқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукТретий деловой форум Visit Apsny
Третий деловой форум Visit Apsny - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 10-16 рыҩныҵҟа аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа.

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿ имаҷым имҩаԥысыз ахҭысқәа: Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеит 76 шықәса ахыҵра, алаҵаҟаҵаратә компаниа, аусутәи атуристтәи форумқәа рымҩаԥысра, Агәабзиарахьчара аминистр ҿыц иаҭара.

Sputnik

COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааган мшаԥы 30 рзы, алаҵаҟаҵара нап аркын лаҵара 12 рзы.

Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны

Ииасыз амчыбжь азы Агәабзиарахьчара аминистрра еиҿнакааит амедусзуҩцәа рзы атренингқәа акоронавирус аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы.

Алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит аҟәатәи ақалақьтә поликлиника №1 аҟны. Алаҵа рзыҟарҵоит амедусзуҩцәа, аррамаҵзурауаа, аҳәынҭусзуҩцәа, иара убасгьы ауааԥсыра. Алаҵа ҟарҵар рылшоит изҭаху зегьы ҳәа лҳәеит аполиклиника аҳақьым хада Лиана Амԥарԥҳа.

Алаҵаҟаҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, диазҵаауеит игәабзиараз.

Аҳақьым хада илҳәеит апациентцәа ишрыҭахо алаҵа шыҟарҵаз азы аршаҳаҭга. Уа иарбахоит алаҵа аныҟаҵоу арыцхә. Аҩбатәи алаҵа 21 мшы рышьҭахь иҟаҵатәуп.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Иара иахәҭоу аҭахрақәа ирықәыршәаны аҵәахырҭаҿ ишьҭоуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра ахада ҿыц даҭоуп

Лаҵара 11 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дҟалеит Едуард Быҭәба. Ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит хатәгәаԥхарала змаҵура аанзыжьыз Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Уаанӡатәи аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа министрс дҟаҵан 2017 шықәса рзы, Андзор Гоов ицынхәрас.

Аԥсны раԥхьатәи ахада имшира

Аԥсны раԥхьатәи ахада, амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы 76 шықәса ихыҵуазаарын. Ари амш иазкны имҩаԥган еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.

Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа, иара ихьӡ зху  Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҿы, ауснагӡатәқәа ирылаган амузеи аҿы афотоцәыргақәҵа аартрала. Арахь иааган еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи иԥсҭазаара узырдыруаз афотосахьақәа.

Абри ашьҭахь имҩаԥган Аԥсны жәлар ракзаара Афорум еиҿнакааз агәалашәара ахәылԥаз. Еизаз дыргәаладыршәон раԥхьатәи ахада. Анаҩс идырбан Арӡынба иавтопарк иазкыз афильм "Аамҭа амашьынақәа".

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса аҵра иазкны афотоцәыргақәҵа аатит лаҵара 14 рзы Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿгьы.

Амузеи ацәыргақәҵатә залқәа ҩба рҿы иӡыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаҵаз 245 фотосахьа.  Урҭ рыхәҭак амузеи архив аҿы иҵәахын, рыхәҭак ахада иуацәеи иҭынхацәеи инаргеит.

Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа рыпрограммала лаҵара 14 асааҭ 18:00 рзы ақалақь агәы аҟынтәи иара ихьӡ зху авокзал ашҭаҟынӡа имҩасит аҽылатә парад. Аколонна иалахәын Арӡынба имаҵзуратә автомашьынақәа руак–Mercedes 140-тәи амодель.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба имаҵуратә машьына - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Владислав Арӡынба имашьынақәа ирызку афильм ҭырхит Аԥсны

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә милаҭқәа, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.

Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Владислав Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.

Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.

Аусутәи атуристтәи форумқәа

Ахԥатәи жәларбжьаратәи аусутә форум "VISIT APSNY" Гагра иаатит лаҵара 11 рзы. Афорум иалахәын асасдкылара Аԥсны атуристцәа раԥхьалара алзыршо факторк аҳасаб ала иалацәажәо, аперсонал ралԥшаара, агастрономиатә туризм уҳәа рызҵаарақәа шьҭызхуа Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа.

Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Арадио
Ахба иҳәеит афорум "VISIT APSNY " аҿы излацәажәаз азҵаара хада атәы

Афорум иалахәын: Урыстәыла Аҳәынҭдума аҭҵаарадырра-експерттә хеилак аексперт Елена Чурина, Урыстәыла арестораторцәеи аотелиерцәеи Рфедерациа азеиԥшҵаратә технологиақәа рдепартамент аиҳабы Светлана Преутеско, апроект "Horecaclub" анапхгаҩы, "Атуризм аԥснытәи аидгыла" апартниор Анна Папиж, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәылааԥҳа, Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь, Ахархәаратә стандарти атехникатә хылаԥшреи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Галуст Трапизониан, Аусутә форум "VISIT APSNY" аиҿкааҩ "Атуризм аԥснытәи аидгыла" ахада Анна Калиагина.

Актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" Аҟәа иаатит лаҵара 13 рзы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" аартраҟны дықәгылеит.

"Агәра згоит афорум аҿы актуалтә зҵаарақәа ишрылацәажәахо. Иус хаданы исыԥхьаӡоит Аԥсны ирырҭо амаҵзурақәа рхаҭабзиара аҳаракрази анаплакытә аԥшьгамҭақәа рыҿиарази акомплекстә уснагӡатәқәа аус рыдулалатәуп", - иҳәоит ахада.

Открытие туристического форума Абхазия страна души - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Аԥсны ахада атуристтә форум аҿы дықәгылеит

Иара иазгәеиҭеит асасцәа ршәарҭадара аҵак ду аманы ишыҟоу. Бжьаниа иажәақәа рыла Аԥсны ААРи амаҵзура ҷыдақәеи иахәҭаны иҟоу зегь шыҟарҵало абри аганахь ала.

Ахада иҳәеит 2024 шықәсазы ишалшо аҳаирбаӷәаза актәи аҳаирплантә реисқәа рыдкылара алагара.

Уи адагьы иҳәоит Аԥсны анапхгара азхьаԥшра ду шарҭо атуристтә сектор ахь аинвистициақәа радыԥхьаларазы аҭагылазаашьа маншәалақәа.

Афорум аҿы излацәажәоз атемақәа иреиуоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аԥхынтә туристтә сезон аконцепциа– ахаҭабзиара, ашәарҭадара, атехнологиа ҿыцқәа, аалыҵ ҿыцқәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы атуристцәа рыԥгаԥса азҵаара", "Актуалтә зҵаарақәа атуризми асасдкылара аиндустриеи русхк аҟны", "Ҳаамҭазтәи аинвестициатә проектқәеи атуриндустриа аусхк аҟны иреиӷьу аԥышәақәеи", "Аԥсны аԥхынтә лагерқәа раԥҵара ".

Афорум ахыркәшамҭазы Аԥсны атуризм аминистрреи Урыстәылазегьтәи атуристцәа реидгылеи, Ахәыҷтәы ԥсшьара амилаҭтә оператори аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аԥара Аҩны

Лаҵара 14 рзы Аҟәа иаадыртит Аԥара амузеи.

"Шықәсқәак раԥхьа иӡбан амузеи аусура аиҿкаара. Уи Аԥсны Абанк аԥсарқәа рыӡбахә аларҵәароуп изызку. Иҟан имаҷымкәа ацәыргақәҵақәа, еиуеиԥшым аматериалқәа урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҭыжьымҭақәа рҿы. Уи анумизматцәа аинтерес рзаҵан. Ауаа ҵаауа иалагеит аԥсарқәа рбара абалшо ҳәа", - иҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых иазку: Абанк амузеи Аҟәа ишаадыртыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых иазку: Абанк амузеи Аҟәа ишаадыртыз

Беслан Бараҭелиа иҳәеит амузеи изҭаху аҭаартә ишеиҿкаау.

Амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниа еиҭеиҳәеит Аԥсны аԥаратә еикәыршара аҭоурых ду шамоу.

"Ҳмузеи иаус хаданы иҟоу - Аԥсны аҭоурых абри ахырхарҭала аарԥшроуп. Аамҭакала уи иаанарԥшуеит ажәытә культура, ахәаахәҭратә еимадарақәа", - иҳәеит Ҭаниа.

Амузеи аҿы ицәыргоуп Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аԥсарқәа.

"Ара иубар алшоит Аҩадатәи Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыԥсарқәа, ҳлоготип акәзаргьы, ҳера ҟалаанӡатәи V - IV ашәышықәсақәа рызтәи аԥсар аверс ауп. Иара ҭыжьын Колхида иахьаҵанакуаз", - иҳәеит иара.

Ахра Аҩӡба дышҭакыц дҭакуп

Ахра Аҩӡба иҭагылазаашьа ԥсахымкәа иааныжьуп. Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа аӡбаҩ Игор Агәмаа Ахра Аҩӡба идукат лзыҳәа – иаанкыларатә ҟазшьа аԥсахразы, аҽакала имԥсахкәа иаанижьит.

Суд по делу Ахры авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба дшыбаандаҩыц дааннажьит

Аԥсуа тәылауаҩра амазаара, хәҩык ахшара рабра, аҟазшьарбага ҵоура, уаанӡа иус ахьырмыӡбац ҵаҵӷәыс иҟам ауаҩы ихарадҵара арԥсыҽразы.

Ахра Аҩӡба ихьчаҩ Инга Габилаиаԥҳа азыҳәа ҟалҵеит ззинқәа лыхьчо Ахра Аҩӡба аҩнытә рбаандаҩра даҵадыркырц, избанзар Ахра Аҩӡба иаанкылара ҵаҵӷәы амам, уи адагьы иара агәамбзиара имоуп.

Ахра Аҩӡба иус Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адҵала, избанзар Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азинмчқәа рыҿҳәара ииасит.

Ахра Аҩӡбеи иара ихьчаҩцәеи ахара рыдҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы. Абри аумҭазы дара ирықәҵахар ҟалоит ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ҭакрыла ахыгара.

Аԥсны ашьхараҿы атурист иԥшаара иаҿуп

Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Открытие сезона на горнолыжном курорте Роза Хутор в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2021
Хәымш ҵуеит Аԥсны АҶА ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист иԥшаара иаҿуижьҭеи

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Аусбарҭа уаанӡатәи адыррақәа рыла, атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраауан ҳәа, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара ишаҿыц иаҿуп.

"Ҳаиқәырхаратә гәыԥ иӡыз урыстәылатәи атурист дыҟазар ахьалшо аҭыԥ ахь рымҩа иацырҵоит. Атуристцәа ргәыԥ адырра шыҟарҵаз ала иара уа дыҟазар ауп, рҭыԥ ааныжьны џьаргьы дымцарц иарҳәеит. Ҳгәыӷуеит иара уа дыҟоуп ҳәа", - рҳәеит аминистраҿы.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Аусбарҭа аинформациала атурист Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтә. Урыстәылатәи АИХқәа ишырҳәо ала 64 шықәса ихыҵуеит ҳәа адырра ыҟоуп. Аԥшаара далахәуп атуристтә гәыԥ аинструктор Анна Гилева.

Ажәабжьқәа зегьы
0