Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәыла ахадеи Дамаск еиԥылараны иҟоуп

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииПрезидент Республики Абхазии Аслан Бжания с официальным визитом прибыл в Сирийскую Арабскую Республику.
Президент Республики Абхазии Аслан Бжания с официальным визитом прибыл в Сирийскую Арабскую Республику. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа официалтә ныҟәарыла Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит лаҵара 16 рзы.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аслан Бжьаниа аофициалтә ныҟәарыла Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟазаараан иазыԥхьагәаҭоуп шьамтәылатәи иколлега Башар Асади, егьырҭ Шьамтәылатәи Арабтә республика анапхгаҩцәеи иареи реиԥылара. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аофициалтә ныҟәара апрограмма хацыркхоит лаҵара 17 рзы.

Аныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны-Шьамтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа раԥхьатәи аилатәара, Аԥсни Шьамтәылеи рпарламентқәа рхаҭарнакцәа реиԥылара. Аслан Бжьаниа дырԥылараны дыҟоуп аԥсуа диаспора, даҭаауеит аинрал Уалид Амаршьан анышә дахьамадоу аҭыԥ, днеиуеит иҭаацәа рахь.

Аԥсны аофициалтә делегациа иалахәуп: Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, Апарламент адепутатцәа Левон Галустиан, Омар Џьынџьал, Асҭамур Логәуа, Илиа Гәниа, Рауль Лолуа.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара.

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 6 рзы.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0