Аекскурсиатә автобусқәа Аԥсныҟа ирмариоу апроцедурала иҭалалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы на набережной Сухума
Туристы на набережной Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аминистрра аекскурсиатә усурақәа мҩаԥызго аиҿкаарақәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵеит русураҿы напхгагас иҟарҵарц лаҵара 13 азтәи атәыла ахада идҵа.

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит атуристцәеи аекскурсантцәеи мҩанызго автотранспорттә хархәагақәа роушьҭра аԥҟареи ахылаԥшреи иара убасгьы ршәарҭадареи ҳәаақәызҵо адҵа. Абри адокумент кьыԥхьуп Атуризм аминистрра асаит аҿы.

Адҵа инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура 9-тәи аҟәша абарҭ амаҵзуратә ԥхықәрақәа амазарц:

  • аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа ирылацәажәаны атуристцәеи аекскурсантцәеи мҩанызго автотранспорттә хархәагақәа роушьҭра аиҿкааразы ауснагӡатәқәа рыплан ашьақәыргылара;
  • атуристцәеи аекскурсантцәеи мҩанызго автотранспорттә хархәагақәа аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи гәаҭара рахысра арццакразы атранспорт ҷыда иазалху ацәаҳәала роушьҭра;
  • атуристтә гәыԥқәа мҩанызго автобусқәеи автобус маҷқәеи ирыцзароуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура 7-тәи аҟәша аусзуҩцәа мҩангаҩцәак раҳасаб ала;
  • Аԥсны аҵакырахь иалало атранспорт хархәагақәа еиҿкааны атуристцәеи аекскурсантцәеи рықәтәара алыршара Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура 9-тәи аҟәша агыларҭаҿы;
  • атуристцәа зҭоу автотранспорт гәаранда агәаҭара, апассаџьырцәа ҭымҵкәа агәаҭара амҩаԥгара.

Убри аан иазгәаҭоуп атуристцәа мҩанызго аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ирымазар шакәу атуристцәа, амашьынарныҟәцаҩцәа рсиа, урҭ ртәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаа рыцҵаны.

Аԥсны ианалҵуа амҳәыр заархоу асиақәеи атәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәеи амҩангаҩ изыхәҭоу амаҵзурақәа идирбароуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура 9-тәи аҟәша аоператив зинмчы змоу иҷаԥшьо аиҳабы аҳәаа иахысуа атранспорт аоперативтәи астатистикатәи ҭаҩра мҩаԥигароуп, Аҳәынҭмаҵзура аиҳабы иахь инаишьҭроуп абри азы аинформациа.

Адҵа анагӡара хылаԥшра аиҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо аполковник Зураб Занҭариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0