150-ҩык рҟынӡа Фазиль Искандер иаԥхьахә азы азыҳәақәа нарышьҭит

© Sputnik / Анатолий Гаранин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Искандер
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иаԥхьахә азы алонг-лист рылаҳәоуп, иара иалахәуп хҩык аԥсуа авторцәа.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиураз еиндаҭло иреиуоуп еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа реиԥш макьана зыӡбахә рылаҵәам аҿарацәагьы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аицлабра ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
"Хәызмам аҭынха": Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аноминациа ҿыц алагалахоит

150-ҩык рҟынӡа Фазиль Искандер иаԥхьахә азы азыҳәақәа нарышьҭит Урыстәыла, Украина, Аԥсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Қырҭтәыла, Израиль, Ҟазахсҭан, Канада, Кырӷызсҭан, Молдова, Португалиа, ЕАА, Ҭырқәтәыла рҟынтәи.

Аицлабра хә-номинациак: "Апроза", "Апоезиа", "Ахәыҷра аҵла", "Акиносценари, адраматургиа", "Хәызмам амазара" (ари номинациа ҿыцуп) рыла ишьақәгылоуп.

Аԥснынтәи рырҿиамҭақәа нарышьҭит: Даур Начҟьебиа – ажәабжьқәа "Акәырбан", "Аҵеиџь" (аноминациа "Хәызмам амазара"), Гармелиа Наур – асахьаркыратә фильм "Арасашыӡ" асценари (аноминациа "Акиносценари, адраматургиа"), Ибрагим Ҷкадуа "Ԥсҭазааратә мшык ма Фазиль Искандер" (аноминациа "Акиносценари, адраматургиа"). Рыхҩыкгьы аԥхьахә аиураз иқәгылоу рсиа иалаҵоуп.

Сынтәатәи ажиури иалоуп: апрозаик, асценарист Евгениа Декина, ашәҟәыҩҩцәа Борис Евсееви Марина Кудимовеи, алитературадырыҩ Лола Звонариова.

"Сынтәа ирацәаҩӡоуп аԥхьахә аиуразы иқәгылоу. XXI ашәышықәсазы Искандер ихьӡи имчи еиҳагьы идухеит, Урыстәылатәи аимпериа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа дреиуахеит. Фазиль иџьоушьаша уаҩын, аурыс литература кавказтәи акцент алеигалеит. Уи загьы ирнырит, избанзар ихьӡ зху аицлабра иџьоушьартә аҽарҭбааит" ҳәа иҳәеит Попов.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Фазиль Искандер иаԥхьахә алауреатс рыхьӡ рҳәахьеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Владимир Делба, Витали Шариа.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә ахәбатәи асезон ахы акит 2021 шықәса жәабран 15 азы. Аихшьалақәа ртәы рылаҳәахоит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, уи аԥхьа мчыбжьқәак набжьаны асиа-кьаҿ рылаҳәахоит ҳәа иҳәеит Попов.

Фазиль Искандер иаԥхьахә шьаҭанаркит Урыстәыла ПЕН-центр 2016 шықәса азы.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Ажәабжьқәа зегьы
0