Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҿы даанкылоуп

© Sputnik Ночной рейд
Ночной рейд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Қьамал Арӡынба - Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иашьа иԥа дшьын лаҵара 18 рзы Аҟәа. Аҳҭнықалақь апрокуратура ауаҩшьра инамаданы ашьаус хацнаркит.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Аԥсны атәылауаҩ, 1992 шықәса рзы ииз Ԥлиа Баҭал Нодар-иԥа даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Қьамал Арӡынба дшьын лаҵара 18 рзы Аҟәа. Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рыланаҳәеит Аԥсны ААР. Имҩаԥгаз ашьаусԥшаара-оперативтә усурақәа ирыбзоураны лаҵара 19, асааҭ 20:00 рзы даанкылан ауаҩшьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҿы.

Апрокуратура хада иазгәанаҭоит уажәазы афактқәа реидкылареи рырҵабыргреи рзы аусԥшаарақәа шымҩаԥысуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0