Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара: Аҟәа имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны
День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 1864 шықәса Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ауп. Абри ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа, нас егьырҭ атәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рмоуит.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Селма Базԥҳа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара азгәаҭаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Аҟәа лаҵара 21 азы, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак аҿы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилаки еицымҩаԥыргараны иҟоуп амҳаџьырқәа ирызку афотоцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа аадыртуеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу Амемориал аҿаԥхьа.

Асааҭ 16:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы иддырбоит аспектакль "Ацынҵәарах".

Асааҭ 20:00 рзы амшын аԥшаҳәаҿы алашарбагақәа кны имҩасуеит, "Нарҭаа рымца" еиқәырҵоит, иадыркуеит "ашьамаҟа", ашәҭқәа амшын ихырҵоит.

"Традициа ҳасабла Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рмемориал ахь инеиуеит атәыла анапхгара, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз аԥсуаа. Арҭ ахҭыс еиқәаҵәақәа ирылаӡыз зықьҩыла аԥсуаа ргәаладыршәоит",- рҳәеит Аҳәынҭеилак аҿы.

Гагра абри амш асааҭ 17:00 азы апавилион аҟынтәи ахьыԥшымра Амемориал аҟынӡа амҩасра мҩаԥыргоит, ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Гәдоуҭа асааҭ 10:00 рзы  амҳаџьырцәа ргәалашәара Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Очамчыра ауснагӡатәқәа ирылагоит асааҭ 19:00 рзы амшын аԥшаҳәаҿы. Амшын ихырҵоит ашәҭшьыҵәрақәа.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0