Урыстәыла аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟә аиуразы анкетақәа рашәарамзаз рыдкылара аграфик рылаҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша акоронавирус аламырҵәаразы фҩык иреиҳамкәа аамҭакала аҭааҩцәа аднакылоит, амедицинатә сабрадақәа рҿаҵаны.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша Урыстәылатәи аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкаараз анкетақәа рыдкылара рашәарамзатәи аграфик шьақәыргылоуп.

Иазгәаҭоуп хәышықәса ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟәқәа роуразы мшаԥымза 28 инаркны ашәҟәы иану рзы аграфик рашәарамза анҵәамҭазы ишкьыԥхьхо.

Зыҿҳәара иахыԥоу атәылауаҩшәҟә аԥсахразы аконсультациатә пункт ахь идҵаалатәуп, уа адокументқәа анрыҭатәу арыцхә анҵаны аталон урҭоит.

Аталон аҿы иарбоу арыцхә аҽны атәылауаҩшәҟә аԥсахразы иуымазароуп:

  • атәылауаҩшәҟә ахаҭа
  • аҭыӡҭыԥ зну аҩныҵҟатәи аԥсуа тәылауаҩшәҟәы
  • аиразы аршаҳаҭга
  • ажәла уԥсахзар аҭаацәара алаларазы аршаҳаҭга
  • афотосахьақәа ԥшьба - 3,5X4,5

Адокументқәа здызкылаз аконсультациатә биуро аусзуҩцәа анкета ҷыда еиҿыркаауеит.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура ҟалоит абри аҭел ала +7 (840) 226-03-91, ма аелектронтә ԥошьҭа rusembsukhum@mail.ru.ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0