Аԥсны АҶА: Урыстәылатәи атурист макьанагьы ихабар ыҟам

© Foto / facebook / МЧС АбхазииСпасатели МЧС Абхазии
Спасатели  МЧС  Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ иацнаҵоит урыстәылатәи атурист иԥшаара.

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи атурист иԥшааразы ауснагӡатәқәа макьаназы лыҵшәа рымам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Аԥшааҩцәа атурист иалихзар ҟалоит ҳәа ргәы иззаанаго амаршрут аус адыруылоит. Иацы дара Гәымсҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа мҩаԥыргон, аха илҵшәадан. Иҟалоит ихала уахьынтә дылбаарц иақәикзар ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аҵыхәтәаны атурист дахьыҟаз аҭыԥ акәша-мыкәша зегь ҭҵаауп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Мышкы ма ҩымш рыҩныҵҟа Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ АҟәаГЕС аӡыхкыра илбаауеит ашьхарантә.

Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара иаҿуп лаҵара 12 раахыс.

Открытие сезона на горнолыжном курорте Роза Хутор в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Зыԥшаара иаҿу урыстәылатәи атурист макьана ихабар рымбацт

Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Аусбарҭа аинформациала, атурист Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтә. Урыстәылатәи АИХқәа ишырҳәо ала, 64 шықәса ихыҵуеит ҳәа адырра ыҟоуп. Аԥшаара далахәуп атуристтә гәыԥ аинструктор Анна Гилева.

Агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы ҳәа. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Атуристтә гәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0