Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит

© Foto / Screenshot:YouTube/ Аҧсуа телехәаҧшраОползень в горах Ауадхары
Оползень в горах Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аиҳабыра Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит, абри атәы иҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Адгьылҳәазара ахьыҟалаз аҭыԥ "Астудентцәа ртәарҭа" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ахь уназго, атуристтә маршрут аҿы иарбоу мҩоуп, уахь иахьазы анеира залшом.

© Foto / Screenshot:YouTube/ Аҧсуа телехәаҧшраАуадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит
Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит

"Адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа аҟаҵаразы аҭагылазаашьа иахәаԥшуеит, уи азы ацәажәарақәа цоит. Аусурақәа рзы макьана заауп, избан акәзар адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп макьана. Иаҭаху атехника апарк иамаӡам. Иҟаҵатәу, шыҟаҵатәу, ианыҟаҵатәу азыҳаӡбар, аусурақәа ҳрылагоит", - иҳәеит иара.

Багаҭелиа иажәақәа рыла, адгьыл ҳәазеит апансионат Ауадҳара аҩадахьы абнахьчара 56-тәи акилометр аҵакыраҿы.

"Ари аҩыза адгьылҳәазара ҟамлацызт апарк аусура иалагеижьҭеи. Ари аҭыԥ аҿы иҟалаз амашәыр зыхҟьаз аилкаареи анышә ықәганы амҩаду аиҭашьақәыргылареи рзы ауснагӡатәқәа азгәарҭарц Ауадҳара иҟан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, аекологиеи, аминистрра ахаҭарнакцәеи, аекологцәеи, агеологцәеи. Иҟалаз азы адырра рыҭоуп Аԥсны аиҳабыра, хаҭала аԥыза-аминистр. Иҟаҵатәу азы иаарласны аӡбамҭа ҳадаҳкылоит", - иҳәеит иара.

Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Арадио
Ҷыҭанаа: Ауадҳара аҭыԥ змоу ахҭыс аекологиатә рыцҳара иазааигәоуп

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит. Аԥсны Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны Ауадҳара аҭыԥ змоу ахҭыс аекологиатә рыцҳара иазааигәоуп ҳәа ахиҳәааит.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, аӡымҭҟьар 300-400 метра амҽханакит, уи иахҟьаны амҩаду иазааигәаны ииасуаз аӡиас ацарҭа ааннакылеит, ҭыԥқәак рҟны аҳаракыра ԥшьметрак рҟынӡа инаӡоит. Убра иаӡәӡәо агәамсам, иаанаго анышә Риҵа иалалоит. Аӡиа иахьа ихәашьӡа иҟоуп. Аспециалистцәа излазгәарҭо ала, уи ахәашьра аԥхын зегьы инхар ҟалоит.

Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аӡы аԥхарра иацлар ҟалоит градуск, ҩ-градуск рҟынӡа, уи аԥсыӡқәа ирзымчҳар алшоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0