Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Кефкен, Турция. Потомки абхазских махаджиров вспоминают жертв Кавказской войны
Кефкен, Турция. Потомки абхазских махаджиров вспоминают жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар ргәалашәара иазкыз алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан Ҭырқәтәыла. Ишәыдаагалоит хаҭала урҭ ирылахәыз Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа ланҵамҭа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Амҳаџьырра аамҭақәа раан мчыла зыԥсадгьыл аҟынтә ихырҵәаз ҳауаажәлар ргәалашәара иазку алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа Аԥсни, Нхыҵ Кавкази, Ҭырқәтәылеи есышықәса лаҵара 21 аҽны имҩаԥысуеит. Ҭырқәтәыла акәзар, зықьҩыла аԥсуаа ахьыӡхыргоз Қьефқьен ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны мҽхакы ҭбаала агәалашәаратә усеиҿкаарақәа аԥшьыргалон, аха сынтәа апандемиа иахырҟьаны абжьааԥнеиԥш ауаа рацәа алахәхартә еиԥш изыҟамлеит.

Уеизгьы, ишаԥу еиԥш, лаҵара 21 аҽны, ашьыжь, Қьефқьен араион иатәу Караач ақыҭан иҟоу аԥсуа хәыҷқәа рыԥсыжырҭаҿы аԥсылман дин инақәыршәаны рыԥсы арҭынчра иазкыз аныҳәаԥхьара мҩаԥигеит ахәаџьа. Араҟа изларҳәо ала, ашыӡ чымазара иагаз хышәҩык инарзынаԥшуа асабицәа ирызқәаҭыԥуп.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Қьефқьен араион иатәу Караач ақыҭан иҟоу ашыӡ иагаз аԥсуа хәыҷқәа рыԥсыжырҭа
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Қьефқьен араион иатәу Караач ақыҭан иҟоу ашыӡ иагаз аԥсуа хәыҷқәа рыԥсыжырҭа

"Ҳара ҳаныхәыҷызнатә абрахь ҳабдуцәеи ҳабацәеи ҳааргон. Убри аҟнытә ибзианы исгәалашәоит ражәабжьқәа. Караач ижу ахәыҷқәа ашыӡ чымазара иагаз роуп рҳәон. Дара рымцашоура дыртәарц азы ақыҭа иалсуаз аӡиас хьшәашәаҿы иркәабон. Аиҳабацәа изларҳәо ала, ахәыҷқәа аӡы иҭарҵо ианалага, уи аӡиас ҟаԥшьӡа иҟалеит", - аҳаҭгәынқәа инапы рыхьшьуа, игәы изырхьуа ажәабжь еиҭеиҳәоит ҳџьынџьуаҩ Неџьдеҭ Агәмаа.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Қьефқьен араион иатәу Караач ақыҭан иҟоу ашыӡ иагаз аԥсуа хәыҷқәа рыԥсыжырҭа
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Қьефқьен араион иатәу Караач ақыҭан иҟоу ашыӡ иагаз аԥсуа хәыҷқәа рыԥсыжырҭа

Анаҩс, алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥысит амшын аԥшаҳәаҿы. Уи иалахәыз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба, иара иабжьгаҩ Џьансыхә Лазба, Аԥсуа хеидкылақәа Рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәсба, аԥсуа Дернеқьқәа жәпакы реиҳабацәа уҳәа Ҭырқәтәыла ахи аҵыхәеи рҟнытә иааз ҳауаажәлар аӡәырҩы.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг
Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг - Sputnik Аҧсны
1/4
Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг
© Foto / предоставлено Саидой Жиба Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа - Sputnik Аҧсны
2/4
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа
© Foto / предоставлено Саидой Жиба Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа
Кефкен, Турция. Потомки абхазских махаджиров вспоминают жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны
3/4
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа
© Foto / предоставлено Саидой Жиба Апандемиа иахҟьаны сынтәа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ауаа рацәа рылахәхартә изыҟамлеит
Апандемиа иахҟьаны сынтәа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ауаа рацәа рылахәхартә изыҟамлеит - Sputnik Аҧсны
4/4
Апандемиа иахҟьаны сынтәа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ауаа рацәа рылахәхартә изыҟамлеит
1/4
Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа аҿаԥхьа еиҿкааз амитинг
2/4
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа
3/4
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаразы Қьефқьен игылоу абаҟа
4/4
Апандемиа иахҟьаны сынтәа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ауаа рацәа рылахәхартә изыҟамлеит

"Сынтәа Аурыс-Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 157 шықәса ҵит, аха ҳабдуцәа ирхыргаз арыцҳара есышықәса еиҳагьы иаҳныруеит, уи имӷьо хәраны ҳагәқәа ирнызаауеит. Агәра ганы сыҟоуп адунеи иалаԥсоу аԥсуаа иахьатәи амш ҷыдала ишазыҟоу. Анцәа сиҳәоит ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа ҳажәлар рлахьынҵа иалаимҵарц", - иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.

Алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь, ишаԥу еиԥш, Амшын еиқәа ашәҭ шьыҵәрақәа хҵан. Ари амш аҽны аԥсабарагьы ҳауаажәлар ирыцгәырҩон, амшын даҽа ҽнак еиԥшымкәа ицәқәырԥон, аԥша цәгьа асуан, ақәа ауан.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь Амшын еиқәа ашәҭ шьыҵәрақәа хҵан
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь Амшын еиқәа ашәҭ шьыҵәрақәа хҵан

"Есышықәса, лаҵара 21 аҽны абра ҳааины амш еиламскәа иҟамлацт. Уи гәазымҭацгьы дыҟам. Аԥсабарагьы ианыруеит ҳхьаа", - ҳәа азгәеиҭеит Ерол Ԥлиа.

Акыр шықәса раахыс амҳаџьыраа ргәалашәара амш иазкны Ҭырқәтәыла еиҿыркаауа аусмҩаԥгатәқәа ирылахәу, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак иабжьгаҩ Џьансыхә Лазба иҳәеит атәым дгьыл иқәнаԥсаз ҳауаажәлар ирхылҵшьҭроу акалашәа ишыгәнырго арҭ ахҭыс еиқәаҵәақәа. Ари аҽны Қьефқьен ршьапы шаақәдыргылалак ахәыцра иалалоит, рылахь еиқәылоит, рылабжышқәа хыҳәҳәалоит.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Қьефқьен иӡхыҵуаз аԥсуа хҵәацәа раԥхьатәи хыҵакырҭас ирзыҟалаз аҳаԥы
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Қьефқьен иӡхыҵуаз аԥсуа хҵәацәа раԥхьатәи хыҵакырҭас ирзыҟалаз аҳаԥы

 

Қьефқьен иӡхыҵуаз аԥсуа хҵәацәа раԥхьатәи хыҵакырҭас ирзыҟалаз аҳаԥы иахьагьы иҟоуп, уи уажәшьҭа акырӡа аԥслымӡ илалахьеит, аха уеизгьы маҷк уҵалартә иҟоуп. Агәалашәаратә амш аҽны арҭ аҭыԥқәа ирҭаауа зегьы аҳаԥы аҭыӡқәа рнапы ахьымшькәа имцацт.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Амҳаџьырқәа ахьыӡхыргоз аҭыԥ аҿы хыҵакырҭас ирымаз аҳаԥы аҭыӡқәа рҿы иануп аҭоурых иаҿахәҳәагоу анҵамҭақәа
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Амҳаџьырқәа ахьыӡхыргоз аҭыԥ аҿы хыҵакырҭас ирымаз аҳаԥы аҭыӡқәа рҿы иануп аҭоурых иаҿахәҳәагоу анҵамҭақәа

"Абри аҳаԥаҟны акыр шықәса раԥхьа "агәыӷра ахьынҵәаз" ҳәа аҩыра анын. Уажәы шәара ижәбоит уи аҩаӡара шылаҟәыз, аԥслымӡ иахәаҽуа ишалагаз, убри аҟнытә аҭоурых зырҵабыргуа афактқәа жәпакы ыӡит. Аха уеизгьы, ҳара ҳзы ари иԥшьоу ҭыԥуп. Арыцҳара дуқәа ириааины, атәым дгьыл знацәхыԥ аларсны зшьапы иқәгылаз ирхылҵшьҭроу ҳауп ҳара иахьа абраҟа ижәбо. Анцәа ду сиҳәоит уаҳа ԥсыуак имԥан абри аҩыза ахлымӡаах мааирц", - иҳәоит Ердынч Аҭеиба.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Амҳаџьырқәа ранҵамҭақәа есааира аамҭа иатәнатәуеит, ианыҵхьоу ма аԥслымӡ иафахьоу ыҟоуп
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Амҳаџьырқәа ранҵамҭақәа есааира аамҭа иатәнатәуеит, ианыҵхьоу ма аԥслымӡ иафахьоу ыҟоуп

Хәажәкырамзазы, Измиҭ ақалақь иҟоу аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа (Џьыџь-иԥа) иаԥшьгарала, Қьефқьен, амшын аԥшаҳәа азааигәара амҳаџьыраа ргәалашәара аҳаҭыр азы еиҭаҳан азеиҭынҵлақәа хышә шьапы. Наҟ-наҟ уи аҽаҩра рхы иадырхәарц рылшоит Қьефқьен акәша-мыкәша инхо аҭырқәа ҭаацәарақәа. Уи алагьы ҳџьынџьуаа аџьшьара рырҭар рҭахуп рабдуцәа, амшын иӡхыҵыз ахҵәацәа раԥхьатәи ацхыраара ахьрырҭаз азы.

Алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь еизаз азеиҭынтә баҳча ахьаԥҵаз аҭыԥ иаҭааны ирбеит.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы азеиҭынҵлақәа ахьеиҭарҳаз аҭыԥ
Имӷьо ахәра: амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар Ҭырқәтәыла ишыргәаладыршәаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы азеиҭынҵлақәа ахьеиҭарҳаз аҭыԥ
Ажәабжьқәа зегьы
0