Ауадҳаратәи адгьылҿыбгара ахышәа-ҵышәа иҟоу еилкаахеит

© Foto / Screenshot:YouTube/ Аҧсуа телехәаҧшраОползень в горах Ауадхары
Оползень в горах Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауадҳара иахьаҵанакуа иҿыбгаз адгьыл ахышәа-ҵышәа 300 метра ҭбаарала иҟоуп, аурыла – километраки бжаки, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Оползень в горах Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Ауадҳара адгьыл ахьҿыбгаз аҭыԥ иахыкәшо амҩа ҟарҵоит

Иара иҳәеит адгьыл макьанагьы ишыҳәазо, ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра нап аркра шалымшо. Багаҭелиа игәаанагарала ашьхараҿы ақәоурақәа рҽыдмырцәгьар рашәарамза анҵәамҭазы аусурақәа ирылагар алшоит.

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит.

Адгьылҳәазара ахьыҟалаз аҭыԥ, атуристтә маршрут аҿы иарбоу мҩоуп, уахь иахьазы анеира залшом.

Уи адагьы аӡымҭҟьар 300-400 метра амҽханакит, уи иахҟьаны амҩаду иазааигәаны ииасуаз аӡиас ацарҭа ааннакылеит, ҭыԥқәак рҟны аҳаракыра ԥшьметрак рҟынӡа инаӡоит. Убра иаӡәӡәо агәамсам, иаанаго анышә Риҵа иалалоит. Аӡиа иахьа ихәашьӡа иҟоуп. Аспециалистцәа излазгәарҭо ала, уи ахәашьра аԥхын зегьы инхар ҟалоит, иара убасгьы аӡы аԥхарра иацлар ҟалоит градуск, ҩ-градуск рҟынӡа, уи аԥсыӡқәа ирзымчҳар алшоит ҳәа.

Аԥсны Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит аҟазауаа аҭагылазаашьа аҭҵааразы имҩаԥырго аусурақәа реихшьаала инақәыршәаны акт шьақәыргылахоит ҳәа. Аекологцәа рылкаақәа аԥыза-министр Александр Анқәаб идгалахоит.

Ҷыҭанаа иҳәеит аекологцәа адгьылҿыбгара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ажәалагалақәа шыҟарҵо, ишазгәарҭо ахыкәшамҩа аҟаҵара алыршара азҵаара иара убасгьы ахҭыс аиҭаҟалара алшареи алымшареи рзы азыԥхьагәаҭақәа шыҟарҵо.

Аԥсны Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны Ауадҳара аҭыԥ змоу ахҭыс аекологиатә рыцҳара иазааигәоуп ҳәа ахиҳәааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0