Атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа аԥырхит Аԥсны

© Sputnik / Леон Адлейба Машины на перекрестке
Машины на перекрестке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҷкадуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа рымазаара аԥыхразы ақәҵара амч анаиулак ашьҭахь ахатәхаҿы имазароуп атранспорт хархәага ашәҟәы ишҭаҩу азы аршаҳаҭга, атехникатә гәаҭаразы аталон, арныҟәараз азин ҟазҵо ашәҟәы.

АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы рыгәраргагақәа аԥырхит лаҵара 26 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҳәеит  аминистрра иҟанаҵаз ари ажәадгала шьаҭас ишамоу ахатәтәҩы иҟамзаараан атранспорт хархәага ала аныҟәараз агәраргага ахьаҭаху атәылақәа реиҳарак ишаԥырххьоу, Аԥсны ада акык-ҩбак атәылақәа заҵәык рҿы акәны иаанханы иахьыҟоу азы.

"Атәылақәа реиҳарак рҿы автотранспорттә хархәага ӷьычзар, иара ныҟәызцо иоуп аҭакԥхықәра иаҵагыло. Аԥсны акәзар, иара аҵакыра хәыҷуп, ари аҩыза аинформациа иаарласны иалаҵәоит, азинхьчаратә усбарҭақәа уи иашьҭазаар азы уадаҩра рзаҵам, абарҭқәа раан иуҳәар ауеит агәраргага амазаара биурократиатә уадаҩраны иҟоуп ҳәа", - иҳәеит иара.

Ҷкадуа иазгәеиҭеит агәраргага аинститут амашьына аӷьычра акала иаԥырхаган ишыҟам, иахьазы ари аҩыза аҭахра Урыстәылеиԥш Европа атәылақәа рыҿгьы аграждантә закәанԥҵара иалырххьеит ҳәа.

Камеры фиксации нарушений правил дорожного движения - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2021
Аԥсны ААР аусура иалагеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара азгәаҭаразы аҳәынҭпроект

Урыстәыла ари аԥҟара аԥыхын 2012 шықәсазы. Агәраргага рымазаароуп ҳәа ишьоуп тәым машьынала аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭало аҳәаанырцәуаа.

"Агәраргага амазаара амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аиҿкаараҿы анырра ахьыҟанамҵо азгәаҭаны, апрактикатә ҵаҵӷәы ахьамам иазхьаԥшны иаԥыхуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҷкадуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа рымазаара аԥыхразы ақәҵара амч анаиулак ашьҭахь ахатәхаҿы имазароуп атранспорт хархәага ашәҟәы ишҭаҩу азы аршаҳаҭга, атехникатә гәаҭаразы аталон, арныҟәараз азин ҟазҵо ашәҟәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0