Аԥсны ахархәарахь ицәыргахоит аџьаусшәҟә ҿыцқәа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЯрмарка вакансий в Центре занятости населения в Казани
Ярмарка вакансий в Центре занятости населения в Казани - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Аџьаусшәҟә ҿыцқәа рформа, реиҿкаашьа аԥҟара, рыҵәахышьа шьақәырӷәӷәан 2019 шықәсазы Аминистрцәа реилазаараҿы.

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Хара имгакәа Аԥсны ахархәарахь ицәыргахоит аџьаусшәҟә ҿыцқәа ҳәа иҳәеит Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба лаҵара 26 азы имҩаԥысыз Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

Иара иҳәеит аџьаусшәҟә ҿыцқәа аларгалаанӡа ажәытәтәиқәа шыҟац иаанхоит. Урҭ ирну аҩырақәа зегьы аҿыцхкқәа рахь ииагахоит.

"Аџьаусшәҟә ҿыц аҿы аҩырақәа урысшәалеи аԥсышәалеи еиҿкаауп, адаҟьақәа номерла еиқәыршәоуп, иарбоуп асериа, аномер. Дара аҭирҭахь инагахоит. Ахәԥса шьақәыргылахоит ахарџьқәа зегьы азԥхьагәаҭан", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит ахылаԥшра шрыҭатәу анҵамҭақәа.

"Иҟоуп аҿырԥшқәа ииашам анҵамҭақәа анаадырԥшуа. Уи иахҟьаны атәанчахәқәа закәаншьаҭада ианроуа. Урыстәылатәи ҳколлегацәа изныкымкәа аҽыԥныҳәақәа ҳарҭахьеит. Урҭ ҵаҵӷәыдам. Ҳара ҳауп аҭакԥхықәра иаҵагыло", - ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылараҿы Аҟәа ахада Беслан Ешба ажәалагала ҟаиҵеит аџьаусшәҟәқәа ԥхьаҟазы аелектронтә формала еиҿкаахарц. Ари аидеиа еицҿакрыла адгылара аиуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0