Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса "Аидгылара" шеиҿыркааз

© Foto / предоставила Саида ЖибаИлькин Ардзынба, Союз абхазских женщин в Турции "Аидгылара"
Илькин Ардзынба, Союз абхазских женщин в Турции Аидгылара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Диузџье ақалақь иаду аԥсуа қыҭа Бычка фымз раԥхьа иаԥҵан аҳәса "Реидгылара". Уи напхгара азҭо ҳџьынџьуаҩ Ильқьин Арӡынԥҳа еиҭалҳәеит ари аиҿкаара хықәкы хадас иамоу атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Излеилкаахаз ала, Бычка ақыҭан иахьазы инхоит аԥсуа ҭаацәарақәа хышә ҭӡы, хыԥхьаӡарала иуҳәозар зқьы иреиҳауп. Дара ақыҭанхамҩа рнапы алакуп. Ԥыҭҩык рхы ныҟәыргоит иаадрыхуа араса, аџьықәреи уҳәа рыла, ирааӡоит арахә, аԥсаса. Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгаз аҿар ақалақь дуқәа рҟны аус руоит.

Ари ақыҭаҟны акраамҭа ҵуан ажәлар реизарҭа, реибабарҭа ҭыԥ аиҿкаара ргәы азыҳәоижьҭеи. Иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы, Бычка инхо аԥсуа ҳәсақәа ааидгыланы, ирыӡбеит "Аидгылара" ҳәа хьӡыс иаҭаны убас еиԥш иҟоу аҭыԥ аԥҵара.

© Foto / предоставила Саида ЖибаҬырқәтәыла аԥсуа қыҭа Бычка еиҿкаау аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" ахьаадыртыз ахыбра
Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса Аидгылара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭа Бычка еиҿкаау аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" ахьаадыртыз ахыбра

 

"115-ҩык аҳәса ҳабжьы ақәырганы аҳәынҭқар иҟынӡа инаҳгеит ақыҭауаа реизарҭа ҭыԥ ҳамазар шаҳҭаху. Ақыҭаҟны анапы згыз хыбраҟ ыҟан, азин анҳау, ҳхатәы мчла убри аргылара еиҭашьақәҳаргылеит. Доусы илшоз ҟаиҵон. Аӡәы махәҿыла дҳацхрааит, ҽаӡәы - ҩнымаҭәала. "Аидгылара" аҭыԥ аԥсуа икультуреи, иҵаси, иқьабзи реиқәырхара иазынархоуп. Араҟа аҿар рхатәы бызшәа, аԥсуа кәашара, амырзакан арҳәара, асахьаҭыхра, амҿы аус адулашьа уҳәа дҳарҵарц ҳгәы иҭоуп. Иҳамоуп Аԥсны аҭоурых зҳәо ашәҟәқәа ахьӡыргоу абиблиотека маҷ", - лҳәоит аҳәса "Реидгылара" аиҳабы Ильқьин Арӡынԥҳа.

© Foto / предоставила Саида ЖибаҬырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара Аидгылара аҿы  - Sputnik Аҧсны
1/3
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы
© Foto / предоставила Саида ЖибаҬырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы ирымоу аԥсуаа рҭоурых зҳәо абиблиотека маҷ
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара Аидгылара аҿы ирымоу аԥсуаа рҭоурых зҳәо абиблиотека маҷ - Sputnik Аҧсны
2/3
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы ирымоу аԥсуаа рҭоурых зҳәо абиблиотека маҷ
© Foto / предоставила Саида ЖибаҬырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара Аидгылара аҿы  - Sputnik Аҧсны
3/3
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы
1/3
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы
2/3
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы ирымоу аԥсуаа рҭоурых зҳәо абиблиотека маҷ
3/3
Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аҿы

Бычка ақыҭа шәаԥыџьаԥла иҭалаҳауп. Араатәи аԥсабара акырӡа Аԥснытәи иеиԥшуп. Аҭыԥантәи анхацәа изларҳәо ала, ажәытәан амҳаџьырра иахнагаз рџьынџь ҭыԥқәа иреиԥшыз анхарҭақәа алырхуан. Рыԥсадгьыл гәакьа ргәалазыршәо Бычка ақыҭауаа гәыкала бзиа ирбоит ртәарҭа. Убри инамаданы аҳәса "Реидгылара" хықәкы хадас ишьҭырхит ақыҭа хылаԥшра ҷыда аҭара.

© Foto / предоставила Саида ЖибаАҳәса реиҿкаара "Аидгылара" напхгара азызуа Ильқьин Арӡынԥҳаи уи аусура иацхраауа лҩызцәеи
Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса Аидгылара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" напхгара азызуа Ильқьин Арӡынԥҳаи уи аусура иацхраауа лҩызцәеи

"Ҳаизарақәа, хымԥада, ахацәагьы алахәуп, аҿар рацәаӡаны иаҳзааиуеит. Аԥсны зхаҳбаало ҳабдуцәа нхарҭас ишьҭырхыз Бычка ақыҭа ҿырԥшыгазар ҳҭахуп. Убри аҟнытә асанитартә ҭагылазаашьа ацклаԥшразы апроектқәа ҳамоуп. Рашәара 5 рзы иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчара жәларбжьаратәи иамшуп. Убасҟан ақыҭауаа зегьы афестиваль мҩаԥаагар ҳҭахуп. Раԥхьа иргыланы арыцқьарақәа рымш еиҿаҳкаауеит, анаҩс аныҳәа. Ааԥхьара раҳҭоит ҳқыҭа зыдҳәалоу Диузџье ақалақь анапхгарагьы", - рыгәҭакқәа ртәы ҳацеиҩылшоит аҳәса "Реидгылара" аиҳабы.

© Sputnik / Томас Тхайцук предоставила Саида ЖибаАҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аиҳабы Ильқьин Арӡынԥҳаи ажурналист Саида Жьиԥҳаи "Аидгылараҿы икыду Мысҭафа Қьемаль Ататиурки Владислав Арӡынбеи рпатреҭ аҿаԥхьа
Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса Аидгылара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
Аҳәса реиҿкаара "Аидгылара" аиҳабы Ильқьин Арӡынԥҳаи ажурналист Саида Жьиԥҳаи "Аидгылараҿы икыду Мысҭафа Қьемаль Ататиурки Владислав Арӡынбеи рпатреҭ аҿаԥхьа

Ильқьин Арӡынԥҳа лажәақәа рыла, апандемиа аналага нахыс ирацәаҩуп забдуцәеи забацәеи рынхамҩақәа рахь ихынҳәыз. Аӡәырҩы игәыгәҭажьыз рыҩнқәеи рымӡырхақәеи уреилаҳартә еиԥш еиҿыркааит. Ажәакала шықәсқәак раԥхьа аасҭа уажәазы анхацәа рхыԥхьаӡара еиҳахеит.

"Ҳара ҳқыҭаҟны 300 ҭӡы ҳаҟоуп, хыԥхьаӡарала иуҳәозар, хәыҷи дуи 1200 рҟынӡа. Жәла-жәлала акәзар, Бычка инхо иреиҳауп Арӡынааи Ажьиааи, иара убас инхоит Мазаҳаа, Аҩӡаа, Ҳагаа, Аҭрышаа, Аншаа, Абашаа, Кәаӡаа, Иашаа, Абраскьылаа, Гамсаниаа, Ахаа, Қапаа, Уасаа, Хәаҷаа, Кәыџаа, Цәышаа, Қаҩаа, Ламырцәаа, Илдызаа, Сыҷынаа, Дохәмаа, Пасаниаа, Хәацаа уҳәа", - лажәа иацылҵоит Ильқьин.

Аҳәса "Реидгылара" ахыбра еихшоуп азал дуи, аофис уадақәеи рыла. Аргылара аҵаҟагьы иҟоуп инеиҵыху ауада. Уаҟа аҭааҩцәа рзы акрыфарҭа ҟалоит, убас ари аҵакыраҿы ихдыртуеит аҭыԥантәи аҳәса раалыҵқәа рҭиирц ахьрылшо адәқьан.

© Foto / предоставила Саида Жиба"Аидгылара" иаҭаауа асасцәа акрахьырҿарҵо акрыфарҭа
Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса Аидгылара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
"Аидгылара" иаҭаауа асасцәа акрахьырҿарҵо акрыфарҭа

"Бычка ирацәаҩӡоуп зхатәы аалыҵқәа ҟазҵо аҳәса. Адәқьан анааҳартлак, дара ироуоит алшара ашх лыхқәа, аџьыка, ачаҳаржә, ашыла, еиуеиԥшым анаплыхқәа рыҭира", - инаҵылшьит лара.

Аҳәса "Реидгылара" аҵакырадгьыл аҿы акәзар, апарктә зона аԥҵахоит. Иахьазы амцеиқәҵарҭа ҭыԥ шьақәдыргылеит.

© Foto / предоставила Саида Жиба"Аидгылара" аҵакырадгьыл шыҟало апроект
Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса Аидгылара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
"Аидгылара" аҵакырадгьыл шыҟало апроект

"Ҳабдуцәа ишыҟарҵоз еиԥш, уахынла амца еиқәҵаны, ахәышҭаарамца аԥхьа ажәабжьқәа еибыҳәо ҳааидтәаларгьы, иразҟны иаҳԥхьаӡоит", - лҳәоит Ильқьин.

© Foto / предоставила Саида Жиба"Аидгылара" ашҭаҿы ирчаԥаз амцеиқәҵарҭа
Аԥсуа культура аиқәырхаразы: Ҭырқәтәыла Бычка ақыҭан аҳәса Аидгылара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2021
"Аидгылара" ашҭаҿы ирчаԥаз амцеиқәҵарҭа

Зқыҭауаа рыгәрагара иаԥсахаз аԥсуа ԥҳәыс хамеигӡарала уахи-ҽни лыжәлар дырзааԥсоит.

Ильқьин Арӡынԥҳа лхаҭа хынтә Аԥсныҟа даахьеит. Убасҟан илнырыз ацәаныррақәа роуп иахьа лнапы злаку аус аҿгьы амч лызҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0