"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

© Foto / предоставила Саида Жиба Леила и Селма Ванача. Турция, абхазское село Цхьынара (Апсара). Музей в родовом доме
Леила и Селма Ванача. Турция, абхазское село Цхьынара (Апсара). Музей в родовом доме - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Анапаҵаҩра
Саида Жьиԥҳа иахьа иаҳзеиҭалҳәоит Ҭырқәтәыла, Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа рашьцәа рыдунеи анырԥсах раб иҩны қьаԥҭамхарц азы уаҟа амузеи маҷ аҳасабала аиҿкаара шаԥшьыргаз, дара иаԥырҵаз аԥшӡара асасцәагьы аднагало ишалагаз атәы.

Аб иҩны згәыбылра адым уаҩ дыҟамзар ҟалап. Аха уи аихаҳара уалԥшьаны аԥа иоуп изду, аҷкәын дахымзар, хымԥада, аԥҳа лылаԥш адуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа рабду иабду Шьҳангьери иоуп Аԥснынтәи амҳаџьырра иахнагаз. Усҟан аишьцәа-аижәлантәқәа Уанаҿаа ԥыҭҩык Қьефқьен иӡхыҵит. Уаҟа ачымазара анрылала, рынхарҭа ҭыԥ рыԥсахит, иахьа Цхьынара (Аԥсара) ҳәа изышьҭоу, ашьхақәа ирыгәҭылаку, анаҩс иаԥсыуа қыҭахаз ахь нхара иааит. Араҟа Шьҳангьери излаилшоз ала инхара-инҵыра еиҿикааит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа

"Ҳаб ишьҭрала аиҳабацәа зегьы абри ақыҭаҟны иит. "Уанаҿаа рхәы" ҳәагьы баша хьӡыс иахымлеит ҳаиланхарҭа. Иахьазы 80 ҭӡы ҳаҟоуп", - ҳәа азгәарҭоит аиҳәшьцәа.

Леилеи Селмеи раб Баҳри Уанаҿа аҭаацәара даналала, иара диразҟхеит Фазилеҭ Ебжьноуԥҳа, хазы анхара иалагеит. Рхатә џьабаала аҩны дыргылеит, ԥшьҩык ахшара рааӡеит. Аха аамҭа иаратәы ҟанаҵоит, анцәа ишиҳәара иҟаз аҭаацәараҿы ани аби раамышьҭахь, ираамҭанымкәа рыдунеи рыԥсахит аишьцәа. Уинахыс ари агәараҭа аиҳабы дахымызт.

"Ҳашьцәа рыхшара хәыҷқәан дара рыдунеи анырԥсахуаз. Убри аҟнытә аҭацацәа ирылымшеит рхала ахәыҷқәа рааӡареи анхамҩа аныҟәгареи. Сара усҟан 15 шықәса ҵуан Кипр аус зуеижьҭеи. Саҳәшьа Леила дҭаацәаран. Ҳаб иҩны қьаԥҭахоит ҳәа ахәыцра сгәы иҵалан, схынҳәит Ҭырқәтәылаҟа. Саҳәшьеи сымаҳәи сывагыланы анхамҩа еиҿаҳкааит. Абри ижәбо аҩны 75 шықәса ахыҵуеит", - лҳәоит Селма.

© Foto / предоставила Саида Жиба Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа

Иахьа ақәра змоу Баҳри Уанаҿа иҩни, иашҭеи, ихкаареи алакә хаҿсахьа аанахәеит. Анкьатәи ажәытәра мырӡкәа, уимоу, еихаҳаны, ирҿыцны, иԥҳацәа музеик аҳасабала еиқәдырхеит. Ашҭаҿы убла хыркуеит аҭоурых змоу амаҭәарқәа. Уи ҩычоуп аиҳәшьцәа ранду Шьааизе Кәаӡԥҳа лыԥҳалқәеи, раб иқәаҭанеи, ран лнапкымҭақәеи рыла. Аус адыруит ианыхәыҷқәаз ача ахьырӡуаз афрына, аӡы ахьҭыргоз аҵеџь, рҽахьырҟәыиоз ауаџьаҟ, идырҿыцит ауаргьала. Аҵлақәа еилыхны зехьынџьара ашәҭ ссирқәа еиҭарҳаит. Ашьшәырақәа рҿы игылоуп раб иҟаиҵаз аҟәардәқәа, аишәақәа.

© Foto / предоставила Саида Жиба Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри игәараҭаҿы игылоу аҩнымаҭәа зегьы раб инапала иҟаиҵақәаз роуп.
Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри игәараҭаҿы игылоу аҩнымаҭәа зегьы раб инапала иҟаиҵақәаз роуп. - Sputnik Аҧсны
1/3
Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри игәараҭаҿы игылоу аҩнымаҭәа зегьы раб инапала иҟаиҵақәаз роуп.
© Foto / предоставила Саида Жиба Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри инапала иҟаиҵаз ауаџьаҟ иахьагьы иадтәаланы аамҭа рхыргоит.
Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри инапала иҟаиҵаз ауаџьаҟ иахьагьы иадтәаланы аамҭа рхыргоит. - Sputnik Аҧсны
2/3
Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри инапала иҟаиҵаз ауаџьаҟ иахьагьы иадтәаланы аамҭа рхыргоит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Уанаҿԥҳацәа рашҭаҿы игылоу ача ахьырӡуаз афрына.
Уанаҿԥҳацәа рашҭаҿы игылоу ача ахьырӡуаз афрына. - Sputnik Аҧсны
3/3
Уанаҿԥҳацәа рашҭаҿы игылоу ача ахьырӡуаз афрына.
1/3
Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри игәараҭаҿы игылоу аҩнымаҭәа зегьы раб инапала иҟаиҵақәаз роуп.
2/3
Уанаҿԥҳацәа раб Баҳри инапала иҟаиҵаз ауаџьаҟ иахьагьы иадтәаланы аамҭа рхыргоит.
3/3
Уанаҿԥҳацәа рашҭаҿы игылоу ача ахьырӡуаз афрына.

Аҩны уанааҩнашылогьы, иаразнак ажәытәрахь уагоит. Араҟа иҩнагылоуп аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа ран Фазилеҭ Ебжьноуԥҳа аҭаацәара даналалоз еихраҵагас илыцырҵаз ачысмаҭәа зҭагылоу адулаԥ. Амузеитә експонатқәа реиԥш акәакь рзалхуп Фазилеҭ лычуан, лыҟәџьал, лымҳаԥ, лҟәыдыршьшьыга, луанҭа уҳәа. Иара убас аҭыԥ ҷыда аннакылоит раб Баҳри ирадио.

© Foto / предоставила Саида Жиба Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб иҩны еиҿыркааз амузеи маҷ.
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб иҩны еиҿыркааз амузеи маҷ.

"Ҳара аҩны аиҿкаара ҳаналага, аҩнымаҭәагьы аԥсахра ҳгәы иҭан. Аха ҳани ҳаби рыфҩы зхаҳкаауаз амаҭәарқәа ҳазкамыжьит. Нас иҳаӡбеит иажәыз еиҭашьақәыргыланы, ашәыга рыхьшьны, рԥшӡагас рааныжьра", - лҳәеит аԥҳа Леила.

© Foto / предоставила Саида Жиба Баҳри Уанаҿа иргылаз аҵеџь.
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Баҳри Уанаҿа иргылаз аҵеџь.

Аиҳәшьцәа еиҿыркааз аҩны лассы-лассы асасцәа аднаԥхьалоит. Ашҭаҿы иҟоу ауаџьаҟ амца ҭаҵаны аџьықәреи ӡуа иадтәалоит. Ажәытә-аҿатә иалацәажәоит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Уанаҿаа рқәаби рымҳаԥи.
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Уанаҿаа рқәаби рымҳаԥи.

"Ҳара еиқәырханы иҳамоуп ҳаб "аԥсуа ажь" ҳәа имаз ашьапгьы. Уи аныҟалалак, аҩгьы ҭаҳҭәоит. Иахьагьы аҽаҩра бзиа ҭыҵуеит ҳрасаҭра", - ҳәа азгәалҭоит Селма.

Аиҳәшьцәа уанырзыӡырҩуа, угәы шьҭнахуеит рхатәы бызшәа аҳәашьа. Дара-дара аҩны аԥсышәала мацара ауп ишеицәажәо.

© Foto / предоставила Саида Жиба Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб иҩны игәараҭа.
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа раб иҩны игәараҭа.

"Ҳара ҳаныхәыҷыз нахыс ҳаб аԥсшәа ҳирҵеит. Исгәалашәоит, раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылаҟа Владислав Арӡынба данаа, икәша-мыкәша игылаз зегьы сышрыликааз сыԥсшәа аҳәашьа ала", - лажәа иацылҵоит Селма.

© Foto / Из личного архива семьи Ванача Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла даныҟаз. Ҵаҟа итәоу Селма Уанаҿԥҳа.
Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц: аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла даныҟаз. Ҵаҟа итәоу Селма Уанаҿԥҳа.

Селма иахьа Измиҭ ақалақь лхатәы арԥшӡаратә салон лымоуп. Лусура дахашәаланы лаб иҩнгьы дахагылоуп. Леила дтәанчаҩуп. Аиҳәшьцәа раб игәараҭа аԥсҭазаара ҿыц иарҭаз дара раамышьҭахь еиҵагыло абиԥарагьы ишеиқәдырхо ҩашьом. Иара ҽакала ҟалашьа амоума, абри аҩыза аҿырԥштәы бзиа анумоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0