Амилициа иадыркит акришнаитцәа рҵаратә центр "Аԥсны-Аԥсынтәыла"

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Ааигәа урыстәылатәи ателеканал "РЕН-ТВ" иднарбеит Аԥсны акришнаитцәа рҵаратә центр иазкыз анҵамҭа, уаҟа иазгәаҭан арҵаҩцәа аҵаҩцәа ицәаԥҽыган ишрызныҟәоз.

АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Амилициа иадыркит акришнаитцәа рҵаратә центр "Аԥсны-Аԥсынтәыла" Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ ақыҭаҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Азинхьчаҩцәа аҭыԥ ахь инеины Кришна ишьҭрақәлаҩцәа рҵаратә центр аҿы аҵара зҵоз аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи Аԥсны ААР иатәу аҵаратә центр ахь ииаргеит. Дара зегьы Урыстәыла иатәылауаауп. Ахәыҷқәа уа иҟазаауеит рҭаацәа рышьҭалан инеиаанӡа.

Ацентр аркразы аӡбра рыдыркылеит АИХ аҿы арҵаҩцәа аҵаҩцәа ишакәым ирызныҟәоит ҳәа адырра аныҟарҵа ашьҭахь. Апроект аиҿкааҩцәа уи аҿаԥҽра рыгәҭакуп.

Аԥсны ААР аҿы иазгәарҭеит ацентр аҟны аус зуаз рдокументқәа аамҭа-аамҭала ишгәарҭалоз, дара ара ашәҟәы ишҭаҩыз.

Алагер анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Константин Конопенко иажәақәа рыла, ацентр аҿы аҷкәынцәа аҟазшьа бзиақәа рыларааӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0