Sputnik амчыбжь: COVID-19 аҟынтәи алаҵа, арт-фестиваль, атурист иԥшаара

© Sputnik Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 24-30 ирылагӡаны ареспубликаҿы иналукааша ахҭысқәа.

Sputnik

COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара хымԥадатәхар ҟалоит

Акоронавирус хьамҵыцт. Есыҽны ачымазара зхьыз рыӡбахә рҳәоит. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15314-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14643-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 230-ҩык.

Атәылаҿ алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы, аха макьаназы иззыԥшу алҵшәақәа ыҟам. Иахьазы зықьҩык рҟынӡа алаҵа ҟарҵахьеит. Иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аԥыза-министр  Александр Анқәаб иҳәеит ихымԥадатәу алаҵаҟаҵара алагалара шалшо.

"COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара атемпқәа акыр ихьысҳауп. Иҟоуп агәаанагарақәа иуадаҩу аҭагылазаашьа ыҟам, алаҵагьы аҭахым ҳәа. Аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ҳзазҳәом. Алаҵагьы аҭахуп. Иазхо алаҵа ҳауыр, хымԥадатәи алаҵаҟаҵара авариант ҳазкылсыргьы алшоит. Ишәгәалашәоит ачымазара аҽеиҭакшьа, уи мзызны иамаз иарку аҭыԥқәа рҿы амассатә уснагӡатәқәа шракәу", - иҳәеит иара.

Аиԥылараҿы амедусзуҩцәа аԥыза-министр изеиҭарҳәеит Аԥсны ашәҟәы ишҭагало  "британиатәи" аштаммом аҟазаара.

Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 11 рзы.

6500 доза алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

Амшын аԥшаҳәаҿы хынтәтәи ауаҩшьра аганахь ала аӡбра

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 рзы, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахысраан аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лыхәрақәа ирыхҟьаны ԥхынҷкәын 3 рзы лыԥсҭазаара далҵит. Абри аганахьала Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аусӡбара мҩаԥысуеит.

Верховный суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ауаҩшьразы аусӡбара ахантәаҩы мап лыцәкуп

Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы хынтәтәи ауаҩшьразы аусӡбара ахантәаҩы Мимоза Цәышԥҳа аус лалахәразы мап лыцәкызарц аӡбара аднакылеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.

Ахьчаратә ган ахантәаҩы Мимоза Цәышԥҳа аус далгазарц азыҳәа ҟанаҵеит, лашьа иԥҳа гәакьа Лаура Цәышԥҳа усҭҵааҩык иаҳасаб ала аусҭҵаара дахьалахәыз азы. Ари аҭагылазаашьа Ашьаустә Закәанеидкыла иаҿагылоит.

Аус ахәаԥшразы аӡбаҩцәа реилазаара ԥсаххоит.

Апрокуратура хада адыррала, 2019 шықәса абҵара 22 азы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.

Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.

Росавиациа аделегациа Аԥсны

Урыстәыла аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура (Росавиациа) аделегациа Аԥсныҟа иааит лаҵара 25 рзы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Росавиациа аиҳабы Александр Нерадько.

Аслан Бжания и Александр Нерадько  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Бжьаниеи Росавиациа аиҳаби Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иалацәажәеит

Бжьаниеи Нерадькои алацәажәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза акапиталтә ремонт амҩаԥгаразы апрактикатә шьаҿақәа рымҩаԥгара азҵаара.

Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз аӡбра рыдкылан 2020 шықәса абҵара 12 азы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан. Уи анаҩстәи аамҭа иалагӡаны Урыстәыла атранспорт аминистрраҿы имҩаԥыргахьеит апроект анагӡаразы изныкымкәа аилацәажәарақәа.

Уаанӡа Аԥсны ахада аҳәамҭа ҟаиҵахьан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза 2024 шықәсанӡа иаартхоит ҳәа.

Атурист иԥшаара иацырҵоит

Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшааразы идәықәлеит.  Аԥшаарақәа мҩаԥыргоит жәҩык, дара ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршеит,  Мрагыларатәи Гәымсҭа ахахьгьы аԥшаарақәа ирыцырҵоит. Гәыԥк Аҟәаҟа ихынҳәуеит ашәахьа, лаҵара 31 рзы, аҩбатәи агәыԥ- аҩаша, рашәара 1.

МЧС Абхазии продолжает мониторинг территории предполагаемого  нахождения российского туриста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи аволонтиорцәеи иӡыз атурист иԥшааразы идәықәлеит

Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵоит. Гәымсҭа ахы ахьыҵнахуанӡа иҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥрааны игәарҭеит иӡыз атурист Владимир Улианов дыҟазар ауеит ҳәа ирымоу агәаанагара инақәыршәаны. Аиқәырхаҩцәа лаҵара 28 азы ирхаԥрааны игәарҭеит аӡиас Бзыԥ аладатәи акаҵәарақәеи ианыхынҳәуаз Кьалашәыр амшын алаларҭаҟынӡеи. Аха уеизгьы лҵшәа ҳәа акгьы рмоуит.

Урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ихынҳәит. Агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц. Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтәи. Атуристтә гәыԥ иалахәын Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Еицырдыруа актиор Аԥсныҟа иаара

Аԥсныҟа лассы-лассы иаалоит Урыстәыла еицырдыруа ауаа.

Убас ааигәа арахь дааит атеатри акинои рартист Александр Балуев. Иара арадио Sputnik аинтервиу аҭо ицәаныррақәа дрылацәажәеит.

Балуев иҳәеит ара зегь ргьама шыссиру, аӡыржәтә инаркны.

"Иссиру тәылоуп. Аԥсабара џьашьахәуп, амра, амшын, ачыс. Зехь ахаара рыцуп. Ачысҟаҵарагь аҟыбаҩ ҷыда уланы иҟоуҵозароуп. Иуҳәар ауеит зегьы неибеиԥшны уи аҟыбаҩ рылоуп ҳәа. Аӡыҵәҟьа агьама ссируп.  Асасааирҭаҿ сахьыҩно аӡы акран аҟынтә иржәуеит. Иџьасшьоит. Иржәуазар, ицқьоуп ауп иаанаго", - еиҭеиҳәоит Балуев.    

Актиор иҳәеит асовет аамҭақәа рзы арахь дшаахьаз, ԥхьаҟагьы даап ҳәа дышгәыӷуа.

"Саб автомашьынала аныҟәара бзиа ибон. Исгәалашәоит Риҵаҟа сшигахьаз. Фба-быжьба шықәса схыҵуан. Исгәалашәоит аӡиа Риҵа, Гагра. Сгәыӷуеит ԥхьаҟагьы саалап ҳәа» азгәеиҭоит Балуев.

Амашьынарныҟәцаҩцәа рзы агәраргагақәа аԥыххоит

Лаҵара 21 азы Аԥсны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа атранспорт хархәагақәа ашәҟәы рҭагалара аҟәшаҿы  автотранспорт хархәагақәа рҭаҩратә паспорт ҿыцқәа рыҭара иалагеит.

Машины на перекрестке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа аԥырхит Аԥсны

Ахархәага ҿыцқәа адокумент ахьчара ҳарак арҭоит, жәларбжьаратәи аконвенциа "Амҩатә ныҟәараз» иақәшәо иҟарҵоит, ииаргоит  атранспорт хархәагақәеи амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭгақәеи  рцифратә еилыргара асистемахь.

Убри аан ари аус  атәылауаа рзы уадаҩраки финанстә шәараки амам.

Адокументқәа рыбланкқәа ҳаамҭазтәи амыруыгақәа рҿы иҟарҵоит, жәларбжьаратәи астандарт иақәшәоит, аԥаршеира алнаршом.

Аԥсны ААР аҿы ирҳәоит аҿыц бланкқәа рылагалара ишаанамго ажәытәқәа рыԥсахра.

"Ажәытә документқәагьы ахрархәара ҟалоит аҿыцқәа инарываргыланы. Маҷ-маҷла иԥсаххалоит. Уаанӡатәи аҿҳәара цахьазар ауп аҿыц ала ианырыԥсахуа» ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Ахархәага ҿыцқәа адокумент ахьчара ҳарак арҭоит, жәларбжьаратәи аконвенциа "Амҩатә ныҟәараз» иақәшәо иҟарҵоит.

Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы рыгәраргагақәа аԥырхит лаҵара 26 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҳәеит аминистрра иҟанаҵаз ари ажәадгала шьаҭас ишамоу ахатәтәҩы иҟамзаараан атранспорт хархәага ала аныҟәараз агәраргага ахьаҭаху атәылақәа реиҳарак ишаԥырххьоу, Аԥсны ада акык-ҩбак атәылақәа заҵәык рҿы акәны иаанханы иахьыҟоу азы.

Лаша Цаава - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: азиндырҩы атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа раԥыхразы

"Атәылақәа реиҳарак рҿы автотранспорттә хархәага ӷьычзар, иара ныҟәызцо иоуп аҭакԥхықәра иаҵагыло. Аԥсны акәзар, иара аҵакыра хәыҷуп, ари аҩыза аинформациа иаарласны иалаҵәоит, азинхьчаратә усбарҭақәа уи иашьҭазаар азы уадаҩра рзаҵам, абарҭқәа раан иуҳәар ауеит агәраргага амазаара биурократиатә уадаҩраны иҟоуп ҳәа", - иҳәеит иара.

Ҷкадуа иазгәеиҭеит агәраргага аинститут амашьына аӷьычра акала иаԥырхаган ишыҟам, иахьазы ари аҩыза аҭахра Урыстәылеиԥш Европа атәылақәа рыҿгьы аграждантә закәанԥҵара иалырххьеит ҳәа.

Ҷкадуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа рымазаара аԥыхразы ақәҵара амч анаиулак ашьҭахь ахатәхаҿы имазароуп атранспорт хархәага ашәҟәы ишҭаҩу азы аршаҳаҭга, атехникатә гәаҭаразы аталон, арныҟәараз азин ҟазҵо ашәҟәы.

Арт-фестиваль Аҟәа

Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит"- аилахәыра Colors of Nation еиҿнакааз, Аҟәатәи амшынтә баӷәазаҿы имҩаԥган лаҵара 20-27 рзы.

Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Макс Гошко-Даньков, аҟәатәи амшынтә баӷәаза шәыгала изҩычарци афестиваль далахәхарци дааит.

Завтра наступит уже сегодня Арт-фестиваль - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
"Уаҵәы иахьа иалагоит": арт-фестиваль аусура иацнаҵоит Аҟәа

"Арт-обиект аиқәаҵәеи ашкәакәеи аԥшшәқәа рыла иҭыхуп. Амуралаиаҭыԥантәи акультуралагь иҟазарц сыӡбеит. Арт ҳаамҭазтәи аҟазара адагьы аԥсуа культурагьы аныԥшуазара ауп» - иҳәеит иара.

Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәа иаатит лаҵара 20 азы аимак-аиҿак ала. Афестиваль аҿы ҳалацәажәар ҳҭахуп ҳаамҭазтәи аҟазара", - лҳәеит афестиваль аиҿкааҩ, Colors of Nation ахаҭарнак Анна Савилова. Асахьаҭыхыҩцәа ҳаамҭазтәи аҟазара шыҿио, русураҿы иарбан техникоу рхы иадырхәо, избан арҿиара рнапы залаку уҳәа ирылацәажәеит. Иарбан аҟазара ҿыц иахьа Аԥсны иубар залшо, сахьаҭыхҩыс зхы зыԥхьаӡар ауа, арҿиамҭақәа рыҭира зыԥхашьарам, ианбааиуеи уаҵәы захьӡу – ирацәоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи афестиваль асас Макс Гошко-Данькови зҭак ҟарҵоз.

Алахәылацәеи аҭааҩцәеи идырбан адокументалтә фильм "Бернинг-мэн", ирылацәажәан амилаҭтә традициақәа. Ари атема активла рхы аладырхәит афестиваль алахәылацәа зегьы. Иҟан агәаанагара ҳаамҭазтәи адунеи аҿы ауаҩытәыҩса ихақәиҭра актуалра аҵоуп ҳәа.

Ахԥатәи амш аекологиатә проблемақәа ирызкын. Ахәаԥшыҩцәа активла аекологиатә рккара рхы аладырхәуан. Иазгәаҭан аекорккара асоциалтә ҳақәа рыла аларҵәара алшоит ҳәа, уи аҿар рыгәҭа аҵак ду амоуп ҳәа.

Арт-фестиваль Завтра наступает уже сегодня - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" Аҟәа иаатит

Аекологиатә рккара аҟазара ахархәарала анырра ауҭар ауеит ҳәа ахырҳәааит.

Ҳаамҭазтәи ахареографиа ажанрқәа рхаҭарнакцәа Мадлена Барцыцԥҳаи  Мрана Воуԥҳаи амшынбаӷәазаҿ иқәгылеит. Дара ирҳәеит аномерқәа шимпровизациоу, иргәазырԥхазгьы амуралақәа шракәу.

Дара ирҳәеит агәахәара шырнаҭо Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара аҿиара ахьамоу.

Арт-фестиваль аҵыхәтәантәи амш иатема хадан зылшара ԥку ауаа рыпроблема. Апрограмма иалагеит акоррекциатә школа аспектакль "Арлекино" ала. Анаҩс дцәажәеит Ассоциациа "Инва-цхыраара" анапхгаҩы Алхас Тхагушев.

Апроект партниорцәас иамоуп: Аҟәа ақалақь ахадара, Амшынтә баӷәаза, аилахәыра "Аҟәафон", Sputnik Аԥсны. Арт-фестиваль "Уаҵәы иахьа иалагоит" мҩаԥысуеит лаҵара 20-27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0