Москвеи Питери рҟынтәи аволонтиорцәа атурист иԥшаара рҽаладырхәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка на Рицу и Ауадхару
Поездка на Рицу и Ауадхару - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атурист Владимир Улианов Аԥсны ашьхақәа рҿы дыӡит лаҵара 12 рзы. Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аԥшаарақәа лыҵшәа рмоуит. Аԥшаарақәа ирылахәуп аволонтиорцәагьы.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атехника ҷыдала еибыҭоу аволонтиорцәа ргәыԥ ҿыц Владимир Улианов иԥшаара рҽаладырхәит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ахаҵа иԥшааразы аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Улиана Елфимова.

Сотрудники пожарно-спасательной части села Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара иалахәуп

Елфимова лажәақәа рыла лаҵара 30 азы аԥшаарақәа мҩаԥыргон жәҩык, дара ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршеит. Актәи агәыԥ Мрагыларатәи Гәымсҭа аладатәи акалҭ ахь аԥшаарақәа ирыцырҵон, аҩбатәи – ахахьы.

Гәыԥк Аҟәаҟа ихынҳәоит ашәахьа, лаҵара 31 рзы, аҩбатәи агәыԥ- аҩаша, рашәара 1.

"Уажәы Москвантәии Санкт-Петербургынтәии иаараны иҟоуп аволонтиорцәа, урҭ ирыцхраауиет аҭыԥантәи аволонтиорцәа, ашәарыцацәа. Агәыԥ ҿыц техникала еиқәыршәоуп –аспутниктә телефонқәа, арациақәа, GPS- навигаторқәа, абнатә ԥстәқәа рыршәагақәа рымоуп. Уаҵәы ҳарзыԥшуп", - лҳәеит Елфимова.

Урыстәылатәи атуристцәа ргәыԥ Аԥсны ашьхараҿы атуристтә маршрут ианыланы идәықәлеит лаҵара 3 рзы. Урҭ рныҟәара хыркәшахар акәын лаҵара 10 рзы, аха лаҵара 12 рзы АҶА ахьа адырра ҟалеит атуристцәа руаӡәк имҩа ацҵара шилымшо, уи азы иҩызцәа ҭыԥк аҿы дааныжьны ихынҳәит.

Агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара.

АҶА аԥшааҩцәеи аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Аиқәырхаратә команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит. Аха иӡыз атурист дырзымԥшааит. Абри ашьҭахь лаҵара 28 азы Аԥсны АҶА урыстәылатәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҵакыраҿы аԥшаарақәа ирыцнаҵеит, дыҟазар ахьауаз аҭыԥқәа верталиотла ирхаԥраауан, иара убасгьы уажәазы Ԥсҳәытәи амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иӡыз атурист иԥшаара рҽаладырхәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0