Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи иусуратә ныҟәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРасширенное заседание по вопросу подготовки к курортному сезону
Расширенное заседание по вопросу подготовки к курортному сезону  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа хадара ззиуаз аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Шьамтәылаҟа иҟан лаҵара 16 инаркны 20-нӡа.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи иусуратә ныҟәара аихшьаалақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада иофициалтә саит.

Аҳәынҭқарра Ахада аделегациа иалахәыз, аофициалтә ныҟәара еиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Аслан Бжьаниа иусутә ныҟәара алҵшәақәа ахәшьара рыҭо, иазгәеиҭеит урҭ хымԥада Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ганрацәала, наҟ-ааҟ феида змоу аусеицура ишацхраауа.

Атәыла Ахада Администрациеи аиҳабыреи ирыдиҵеит иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы иалкааны ашьаҿақәа аус рыдулара напы адыркырц.

Иара убас Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак Ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа инапы ианиҵеит Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи Аԥсни рымадара арӷәӷәара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра зҭаху рыцхрааразы аусура амҽхак арҭбаара.

Кристина Озган подписала Соглашение о сотрудничестве между сирийскими и абхазскими портами - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалагеит

Лаҵара 18 рзы Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа аусура иалагеит. Аԥсны-Шьамтәылатә еиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа рылацәажәеит аекономика, атуризм, ақыҭанхамҩа русхк аҟны аусеицура апрактикатә лшарақәа. Акомиссиа аусура аихшьалақәа рыла нап рыҵаҩын Аԥсни Шьамтәылеи аекономикеи атуризми рзы рминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа.

Уи аҽны Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи. Аганқәа еибырҳәеит Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы анаҩстәи аилатәара Аҟәа имҩаԥыргарц.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟазаара аҵыхәтәантәи амш азы Шьамтәыла ахада Башар Асад Аԥсныҟа дааиԥхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0