Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМинистр юстиции Абхазии Анри Барциц
Министр юстиции Абхазии Анри Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы. 6 500 доза алаҵа Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Алаҵа аҭыжьҩы иҭаххарақәа инарықәыршәаны иҵәахуп.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадрак Авидзба. Аиустициа аминистр Анри Барцыц акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаиҵеит аҟәатәи аполиклиникаҿ рашәара 1 азы.

"Еиҭакрак схы иадызбалом. Зегь бзиоуп" ҳәа иҳәеит алаҵаҟаҵара ашьҭахь аминистр.

© Sputnik / Томас ТхайцукМинистр юстиции Абхазии Анри Барциц
Аиустициа аминистр Анри Барцыц акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аиустициа аминистр Анри Барцыц акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаиҵеит

2/3

3/3

Алаҵа "Спутник V" адунеи зегь аҿы ахы бзианы иаанарԥшит иҳәеит Анри Барцыц.

"Урыстәыла анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ачымазара ҿкы ҳхы ацәахьаҳчартә аҭагылазаашьа ахьҳарҭаз азы. Ирацәаҩуп издыруа, исзааигәоу алаҵа ҟазҵахьоу. Сҭаацәа Москва алаҵа ҟарҵеит. Рхы акала иахашшаауам", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб лаҵара 28 азы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит коронавирустә инфекциаҟынтә алаҵаҟаҵара иазкны. Амедусзуҩцәа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭарҳәеит Аԥсны ашәҟәы ишҭагалоу акоронавирус SARS-CoV-2 "британиатәи аштамм" ахҭысқәа фба. Иара абри аилацәажәараҿы аԥыза-министр иҳәеит хымԥадатәи алаҵаҟаҵара иалагар шалшо.

иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0