Гагра акоммуналтә шәарақәа рзы иаку Ацентр аадыртит

© Sputnik / Томас ТхайцукДеньги
Деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Гагра акассатә ԥхьаӡаратә центр аадыртаанӡа акоммуналтә маҵзурақәа рзы ашәара мҩаԥыргон аконтролиорцәа рыцхыраарала.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Рашәара 1 азы Гагра акоммуналтә шәарақәа рзы иаку Ацентр аадыртит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акассатә ԥхьаӡаратә центр аиҳабы Давид Багаҭелиа.

"Аԥхьаӡаратә центр аԥҵоуп ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи рҟынтәи ашәарақәа реилырккаразы. Ишьақәыргылоуп акомпиутортә программа ҷыда. Абонентцәа ҳҭаалар алшоит Демерџь-иԥа, 35 аҭыӡҭыԥ ала. Ара ашәарақәа рыдыркылоит", - иҳәеит Багаҭелиа.

Иара иҳәеит еизгоу аԥара абонентцәа амаҵзурақәа рызҭо аиҿкаарақәа рыбжьара. Гагра иахьаҵанакуа акоммуналтә маҵзура зхы иазырхәо быжь-нызқь хатәхаҿи 350 иурист хаҿи ыҟоуп.

Гагра акассатә ԥхьаӡаратә центр аадыртаанӡа акоммуналтә маҵзурақәа рзы ашәарақәа мҩаԥыргон аконтролиорцәа рыцхыраарала.

Благоустройство Гагры - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Гагра анапхгареи анаплакыҩцәеи ақалақь дырԥшӡоит

"Абонентцәа ацентр аҿы хаҭа-хаҭала амаҵзурақәа ршәаразы аквитанциақәа рырҭоит. Нас уи ала акассаҿ аԥара ршәалоит. 2022 шықәсазы иазыԥхьагәаҳҭоит акоммуналтә маҵзурақәа рзы атерминалқәа рыла аԥара рыхшәаара, иахьазы афымцалашареи аҭелтә еимадареи рзы ишыҟарҵо аиԥш",- иҳәоит иара.

Аиҿкаарақәа рабонентцәа рыбжьара иҟоуп згәамбзиара иахҟьаны ацентр ахь изымнеиуа. Абри аан урҭ аҩныҟа ирызнеиуеит аконтролиорцәа.

Аԥарашәара зыгәҭакым аиҿкаара аиуристцәа рыдгалахоит.

"Арҭ рҩызцәа ауаа аԥхьа адырра раҳҭоит. Ҳарзыԥшуеит. Нас аӡбарҭахь ҳашшуеит. Убас аӡбарҭахь инаҳашьҭхьо ашәҟәқәа маҷым. Иҟоуп аӡбарҭатә приставцәа аулафахәы ианахырхуа ауал", - еиҭеиҳәоит Багаҭелиа.

Аӡбарҭахь адокументқәа нарышьҭуеит абонент ҩышықәса рыҩныҵҟа аԥарашәара мҩаԥимгацзар.

Ажәабжьқәа зегьы
0