Аԥсны ашьапылампыл аԥеиԥш Sputnik апресс-центр аҿы иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПК о создании любительской футбольной лиги
ПК о создании любительской футбольной лиги - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига ахәмаррақәа ирылагоит рашәара 5 азы Аҟәа. Атурнир ахықәкы, заҟа команда алахәхо уҳәа ирылацәажәеит Sputnik апресс-центр аҿы Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагбеи, ЛФЛ адиректор Кьагәа Кәарцхьиа.

ФФА анапхгаҩы иара убасгьы еиҭеиҳәеит Санкт-Петербургтәи атурнир аҿы "Зенит" афилиал ахьӡала иқәгыло аԥсуа шьапылампыласыҩцәа қәыԥшцәа рыӡбахә.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига

Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига аартра Аԥсны ашьапылампыл аҿиара аплан иахәҭакуп ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ.

Таращ Хагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ҭарашь Ҳагба Аԥсны ашьапылампыл азы: аҿиарамҩа ианылароуп

"Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациахь ҳаннеи инаркны аԥсуа шьапылампыл аҿиашьазы аплан шьақәҳаргылеит. Адокумент аспект хадақәа ируакхеит ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига аартра. Ари аԥсҭазаара зҩыда аларҵәароуп иззырхо. Агәахәара ҳнаҭоит ҳидеиақәа рынагӡара ахьалшо", - иҳәеит Ҳагба.

Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига аиҿкаара еицымҩаԥыргоит аспорттә еиҿкаара "Apsnу Sports Group", Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа. ЛФЛ адиректор Кьагәа Кәарцхьиа еиҭеиҳәоит атурнир ишалахәхо 26 команда.

"Аамҭа маҷк иалагӡаны иҳалҳаршеит ари ачемпионат ахьӡ аҭыгара, ауааԥсыра ринтерес ашьҭыхра. Аартра мҩаԥысуеит рашәара 5 асааҭ 16:30 рзы. Актәи ахәмарра иалагоит асааҭ 17:00 рзы. Ахәмаррақәа мҩаԥыслоит сабшалеи мҽышалеи. Ачемпионат ԥхынҷкәын 5 аҟынӡа еикәшаракла имҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.

Актәи ачемпионат аихшьаалақәа рыла акомандақәа ҩ-дивизионкны еихшахоит. 2022 шықәса инаркны – еикәшаракны, ҩ-дивизионкны.

ЛФЛ ахәмаррақәа мҩаԥыслоит ашьапылампылтә дәы маҷ "Совмин" аҿы.

Актәи ахәмарраҿы еиқәшәоит Пицундатәи "Кьарази" Гәдоуҭатәи "Скенджи". Аԥыжәаратә фонд адагьы атурнир аҿы иаиааиуа иоуеит азин Урыстәыла ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига хада алахәра.

Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа рықәҿиара

Рашәара 1 - 2 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысит ахәыҷы-қәыԥштә турнир "Аиҩызара Ахраҿа". Иара еиҿкаан аклуб "Зенит" Академиа аԥшьгарала. Иалахәын "Зенит" Аԥснытәи афилиал ахәмарыҩцәа. Ашьапылампылтә клуб "Зенит" ахәмарыҩцәеи дареи реицыхәмарра афинал аҿы 3:0 ҳәа иаҵахеит.

Торжественное открытие филиалов Академии Зенит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
"Зенит" Академиа афилиал аадыртит Аԥсны

"Зенит" анапхгара рнаԥхьарала атурнир иалахәын аԥсуа делегациа: Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба, Афедерациа ахаҭарнакцәа Беслан Аџьынџьали Дмитри Кәартааи.

""Зенит" анапхгара ҳнарыԥхьеит атурнир ахь. Ҳкоманда аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит. Ҳгәы иаахәеит. Уа ҳаҟазаараан еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳрылацәажәеит", - иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Иара убасгьы иҳәеит ҳшьапылампыласыҩ Максимилиан Смыр атурнир "Аиҩызара Ахраҿа" аҟны иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа дшалкааз.

Уи инаҭоит алшара "Зенит" Академиа далахәхарц.

"Уи ауп ҳара иаҳхықәку, аус здаауыло. Аҭагылазаашьа схы иархәаны аклуб "Зенит" ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит иҳарҭаз анаԥхьаразы", - иҳәеит иара.

"Зенит" ахәыҷы-қәыԥштә филиал Академиа Аԥсны иаадыртит 2021 шықәса хәажәкыра 27 азы. Аус руеит ҩ-ҟәшак Аҟәеи Афон ҿыци. Уахь инарыԥхьоит 6-13 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0