Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа 2021 шықәса аԥхьатәи ахәымз русуразы аҳасабырба ҟарҵеит

© Foto / Кабинет Министров Республики Абхазия Cовещании Премьер-министра Александра Анкваба с руководством министерства по налогам и сборам республики
Cовещании Премьер-министра Александра Анкваба с руководством министерства по налогам и сборам республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы рашәара 3 азы имҩаԥысит аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра анапхгареи реилацәажәара.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа аԥыза-министр иҿаԥхьа аҳасабырба ҟарҵеит 2021 шықәсазтәи русуразы.

Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Делба 2021 шықәсазтәи ашәахтәлагалақәа дрылацәажәеит

Аилацәажәара мҩаԥысит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба далахәны.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба ишиҳәаз ала 2021 шықәса аԥхьатәи ахәымз рыла аплан 18,6% иацны инагӡоуп: иалагалоуп миллиардки 25,6 миллион мааҭ ашәахтә планла 865 миллион ахьарбаз. 2020 шықәса иаҿурԥшыр алагаларатә динамика иартәоит 120,7%.

Убри аан ареспублика зегьы аҿы аплан рбагақәа иарбаз ирхысзар, Очамчыра араион 30% рыла иадыз аплан азынамыгӡеит.

  • Аҟәа – аплан 550,2 млн. м., иаланагалеит 592,4 млн. м.
  • Гагра араион – аплан 113,7 млн. м., иаланагалеит 179,9 млн. м.
  • Гәдоуҭа араион – аплан 47,1 млн. м., иаланагалеит 64,1 млн. м.
  • Аҟәа араион – аплан 44 млн. м., иаланагалеит 86,3 млн. м.
  • Гәылрыпшь араион –аплан 18,2 млн. м., иаланагалеит 30,4 млн. м.
  • Очамчыра араион - аплан 69 млн. м., иаланагалеит 48 млн. м.
  • Ткуарчал араион –аплан 7,7 млн. м., иаланагалеит 8,4 млн. м.
  • Гал араион – аплан 14,9 млн. м., иаланагалеит 16,2 млн. м.

Александр Анқәаб иазымхоны иазиԥхьаӡеит аизгақәа, аиҳаракгьы Гагра араиони Аҟәа ақаалқьи рҿы.

Джансух Нанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Нанба ашәахтәқәа рганахьала ауаа ирықәу ауал иазкны

Араионтә инспекциеи аминистрра аппарат хадеи ирыдиҵеит русура еиӷьыртәырц.

Аминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит ашәахтә усбарҭақәа русура ишалагалатәу аусура еиӷьызтәуа аинформациатә технологиақәа.

Аԥыза-министр иҳәеит ари азҵаараҿы урыстәылатәи рпартниорцәеи дареи русеицура хра шаиуа, асистема ацифратә ҵакырахь аиагара ашәахтә усзуҩцәеи абизнес асубиектқәеи хаҭалатәи реинырра шеиҵанатәуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0